◐ Shell
reader mode source ↗
Перейти к содержанию
Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Аҭҵаарадырра
Афилософиа
ажә. бырз. φιλοσοφία
Атема аҟазаара аҭҵаара
Аҭҵаара амаҭәар адунеи иазку адыррақәа реизакра
Ахыҵхырҭа аамҭа Ажәытәра
Ахырхарҭа хадақәа асоциалтә философиа, аԥсабаратә философиа
Аҵак ду змоу аҵарауаа Аристотель, Сократ, Платон, Пьер Абелар, Томас Море, Джон Локк, Вольтер, Иммануил Кант, Фридрих Ницше, Карл Маркс.
Philosophy
Огиуст Роден искульптура «Ахәыцҩы», лассы-лассы афилософиа иасимволны ахархәара амоуп[1]
Абуддатә философ Хуэйкэ ихәыцрақәа рҿы, китаитәи асахьаҭыхҩы игравиура Ши Кэ, X ашәышықәса
«Дарбанзаалак ауаҩы зны-зынла акәзаргьы афилософиа инапы алакуп». Алмеида Жуниор лсахьа «Ашәҟәы зку аԥҳәызба», XIX ашәышықәса

Афилософиа досл. любомудрие; любовь к мудрости – азеиԥш ҟазшьарбақәа, аилкаарақәа, алабҿабатә апринципқәа, мамзаргьы аҟазаара, иара убас ауаҩы иҟазаареи икәша-мыкәша иҟоу адунеии реизыҟазаашьа ирызку адырра аформа ҷыдеи адыррақәа рсистемеи.[2][3][4][5][6] Акыр шәышықәса афилософиа аҳасабтәқәа рахь иаҵанакуан адунеии ауаажәларреи рыҿиара азеиԥш закәанқәа рыҭҵаара еиԥш, адырреи ахәыцреи рыпроцесс аҭҵаара, иара убас ацәаҩашәатә категориақәеи акыр иаԥсоу и рыҭҵаарагьы. Зда царҭа амам афилософиатә зҵаарақәа рахь иаҵанакуеит, иаагозар, абарҭ: «Адунеи дыршьа амоума?», «Дыҟоума Анцәа?», «Изакәызеи аиаша?», «Изакәызеи ибзиоу?», «Дзакәузеи ауаҩы?», «Иаԥхьатәиузеи – аматериа акәу ахдырра акәу?», «Ҵакыс иамоузеи аԥсҭазаара?» уҳәа.

Афилософиаҿы иалкаауп аметафизика, аепистемологиа, алогика, аетика, аметаетика, аестетика, асоциалтәи аполитикатәи философиа, аҭҵаарадырра афилософиа, афилософиатә антропологиа уҳәа реиԥш иҟоу аҟәшақәа.


Ажәа «афилософиа» ажәытә бырзен философцәа ирымԥсахын. Еицырдыруа афилолог, антикатәи аамҭа аҭоурыхҭҵааҩ Герман Дильс иазгәеиҭоит, ахьыӡҟа зааӡатәи ахархәара иара убас аҟаҵарба ҳара ҳҟынӡа иааӡаз аҭоурыхдырыҩцәа Геродоти Фукидиди ртекстқәа рҟны иуԥылоит ахьыӡҟақәа ирыдҳәаланы насгьы.[7] Сократ иҟны ауп ари ажәа ҳаамҭазтәи аҵакы иазааигәоу атермин ҷыдахь иахьиасуа.

Зны-зынла афилософиа, иалкаау ҭҵааратә маҭәарк аҳасабала еиҳа иҭшәаны иҳәаақәырҵоит,[3][8] ари аҩыза афилософиа азнеишьа, ҳаамҭазтәи афилософцәа афилософиа дунеихәаԥшышьоуп, иҟоу зегьы рдырразы зеиԥш критикатә знеишьоуп, иарбан обиектзаалак, ма концепциазаалк иадукылар алшоит ҳәа иқәгыло рҟынтәи аҿагыларақәа аиуеит.[9][8][азгәаҭа 1] Ари аҵакала дарбанзаалак ауаҩы зны-зынла акәзаргьы афилософиа инапы алакуп, даҽакала иуҳәозар, дазхәыцуеит.

Афилософиа асхема С. Л. Франк итәала
... егьырҭ аҭҵаарадыррақәа зегьы еиҳа иаҭахуп, уи аасҭа, аха еиӷьу акгьы ыҟаӡам

Асоциализациа зызуу ауаҩы ишақәнагоу ишьақәгылаз аԥсҭазаара-практикатә дунеиеилкаара имоуп. Ишаԥу еиԥш, уаанӡатәи абиԥарақәа рԥышәа шьаҭас иҟаҵаны, уи ԥсабаратәла ишьақәгылоит. Амала ауаҩы иԥсҭазаараҿы идунеихәаԥшышьа иазышьҭымхуа апроблемақәа дрықәшәар алшоит. Урҭ рыӡбаразы, ауаҩы иҩаӡараҿгьы ауаажәларра рыҩаӡараҿгьы, иаҭаххар ҟалоит адунеи азыҟазаашьа еиҳа иҳараку акритика-рефлексивтә ҩаӡара.[10][11] Ари аҩаӡараҿы иҟоуп афилософиа.

Афилософиа ииашаны аҳәаақәҵара ахаҭа иаарту философиатә зҵаароуп. Уи зыхҟьо, афилософиаҿы аҭҵаара амаҭәаргьы хықәкыла иахьҳәаақәҵам ауп – афилософиа ипроблематәу зегьы ирыхәаԥшуеит, адырра аметодологиа ахаҭагьы уахь иналаҵаны (аепистемологиа аҳәаақәа ирҭагӡаны).[9] Афилософиа ыҟанаҵы ишьақәгылаз еиуеиԥшым афилософиатә школқәа рҽазыҟаҵарақәа рҳәаа иҭагӡаны, афилософиа закәу еиуеиԥшым аилкаарақәа ауҭар ҟалоит. Убри аҟнытә иалкааны афилософиа аҳәаақәҵара аепоха иадҳәалоуп.[12]

Даҽа ганкахьала, афилософиа иамоуп акрызҵазкуа еидызкыло апринцип – иарбан философиатә хшыҩзцаразаалак, иага узқәымгәыӷра акәзаргьы, иҵаҵӷәыркуп: аҵакы аманы, хәыцратә принципқәак инарықәыршәаны, ҿырԥштәык аҳасабала, логикак аҳасабала. Ахшыҩзцара аҵаҵӷәыркра афилософиатә хәыцра амифологиатә хәыцреи адинхаҵаратә хәыцреи ирылнакаауеит, уахь иаҵанакуеит асупранатурализми иԥсабаратәыми, даҽакала иуҳәозар иррационалтәу.[13] Уи, амала, иаанагаӡом афилософиа аицыҟазаара алнаршом ҳәа, иаагозар, адинхаҵареи иареи. Уимоу, ирылаҵәаны иҟоуп ҭагылазаашьақәак, динхаҵарак афилософиатә система ҵаҵӷәыс ианрыдыркылоз, арационалтә философиатә аппарат анаҩс рхы ианадырхәоз, ари адин аканон ала ихҩамыз адырра ахырхарҭақәа рыҿиаразы. Иаагозар, ажәытә индиатәи афилософиа Ведаа еилнаргон, европа абжьарашәышықәсазтәи афилософцәа (Насыԥ змаз Августин, Фома Аквинский уҳәа) Абиблиа еилдыргон. Иара убас афилософиатә хәыцра динхаҵарак аиашара ашьақәырӷәӷәара, мамзаргьы, еиҳа зеиԥш ҵакыла, Анцәа дшыҟоу ашьақәырӷәӷәара аҽазышәарақәа рзы рхы ианадырхәоз ахҭысқәа маҷымкәа иҟоуп. Иаҳҳәап, апологетцәа рҽазыршәон ақьырсианра ҵаҵӷәыркны ашьақәырӷәӷәара.

Алогика адагьы афилософиатә хәыцра даҽа знеишьак иалнаршоит афилософиа акзаара. Афилософиаҿы иҿыцу ахырхарҭақәа зегьы, аидеиа ҿыц, мамзаргьы афилософиатә школ ҿыц иаԥхьанеиуа афилософиатә концепциақәа ирыднаҳәалоит, рпарадигма ҿыц аҳәаақәа ирҭагӡаны арҭ аконцепциақәа рнаҭоит.[14] Иаагозар, Иммануил Кант еицырдыруа иусумҭа, «Ахшыҩ цқьа акритика» арационализми аемпиризми рконцепциақәа критикала ранализ алоуп. Абасала, алогикеи акритикатә анализи афилософиатә хәыцра иашьаҟақәоуп, афилософиа акзаара алдыршоит.

Убри инаваргыланы, афилософиа аилкаара еилкка иахьыҟам иара иаҟазшьа ҷыдароуп, афилософиеи аҭҵаарадыррақәеи еиҟәнагоит.[8] Афилософцәа хырхарҭак аҿы, афилософиа адымгалакәа иарбанзаалак ҟәшак хра злоу адырра аметодологиа ԥшааны аԥыжәара рзаҭар, усҟан иара афилософиа иаҿыҵуеит, зхала иҟоу маҭәархоит. Убас, еиуеиԥшым аԥсабаратә обиектқәа рыклассқәа рахь адырратә ҭҵаарадырратә метод қәҿиарала ахархәара афилософиа зынӡа иаҟәнагеит анатурфилософиа ахәҭак, уи анаҩс аԥсабаратә ҭҵаарадыррақәа акыр рыла ишахеит.[15] Иаҳҳәап, Исаак Ниутон ифундаменталтәу иусумҭа «Иԥсабаратәу афилософиа аматематикатә лагамҭақәа» иҩит, иара ихатә еилкаарақәа рыла дфилософын, аха иахьатәи аамҭазы дфизикуп, дматематикуп ҳәа деицырдыруеит.[16] Англыз бызшәатә ҭҵаарадырра зегьы иахьагьы афилософиеи иареи реигәыцхәра ашьаҭақәа еиқәнархоит, иаагозар, уи амаҭәарқәа зегьы рҿы иреиҳаӡоу аҭҵаарадырратә ҩаӡара «Афилософиа адоктор» ҳәа хьӡыс иамоуп.

Ленин иусумҭа «Аматериализми аемпириокритицизми» аҟны иаарԥшу игәаанагарала, «...аемпириокритицизм агносеологиатә схоластика аҟны иумбарц залшом апартиақәа афилософиаҿы рықәԥара, аҵыхәтәантәи аԥхьаӡараҿы ҳаамҭазтәи ауаажәларра иаӷоу аклассқәа ртенденциақәеи ридеологиеи аазырԥшуа ақәԥара. Иҿыцӡоу афилософиа ҩ-нызқь шықәса раԥхьа еиԥш ипартиатәуп. Иқәԥо партиақәоуп ҵакыла... аматериализми аидеализми роуп».[17]

Афилософиа аҟәшақәа

[аредакциазура | акод аредакциазура]
Ҳаамҭазтәи аҟәшақәа рыла ихарҭәаау, амаҭәарқәа рыла афилософиа аклассикатә еихшара

Афилософиа закәу аилкаара анаҩстәи аконкреттәра ииасуеит еиуеиԥшым иара аҟәшақәа рыхцәажәарахь. Афилософиа еихшоуп ихадоу ҩ-шәага-загак рыла: аҭҵаара амаҭәарқәеи «ахкқәеи» рыла, мамзаргьы еиуеиԥшым ашколқәеи аконцепциақәеи рыла.[9]

Актәи ашәага-зага иалнакаауеит афилософиа ахархәара ахырхарҭақәа. Ҳәарас иаҭахузеи, ас еиԥш ашара амҩаԥгара алшоит еиуеиԥшымкәа. Ас еиԥш иҟоу асегментациа дуқәа ируакуп афилософиа аметафизикеи (аҟазаара, аҟазаара азҵаарақәа), аепистемологиеи (адырра азҵаарақәа) аксиологиеи (акыр иаԥсаны ҵакы змоуи аморали рызҵаарақәа) ҳәа аихшара.[18][12] Даҽакалагьы, еиҳа аклассикатә вариант аҿы, хыхь еиқәыԥхьаӡоу х-хырхарҭак рыдагьы, хаз игоу амаҭәарқәа рахь иалкаахоит иара убас алогикеи (арационалтә философиатә аппарат аиӷьтәра) афилософиа аҭоурыхи ( ииасхьоу афилософиатә концепциақәеи T.[9] Аристотель иҟынтә иаауеит афилософиа атеориатә, апрактикатә, апоезиатә (арҿиаратә) ҳәа аихшара.[19]

Аҩбатәи ашәага-зага иалнакаауеит еиуеиԥшым афилософиатә школқәеи аметодологиақәеи. Ас еиԥш еиҳа идуу еихшароуп, иаҳҳәап, мраҭашәаратәи афилософиа зегьы, даҽакала иуҳәозар, антикатә философиеи анаҩс Мраҭашәаратәи Европеи Еиду америкатәи аштатқәеи рҿы ицәырҵыз афилософиатә школқәеи ахырхарҭақәеи зегьы хазы сегментны ралкаара, иаҳҳәап, анемец классикатә философиа, афранцыз философиа уҳәа. Ҭоурыхла, абызшәатәи ақәԥшыларатәи ԥынгылақәа ирыхҟьаны, еиуеиԥшым афилософиатә школқәа иалкаау атәылақәеи ажәларқәеи рыҩныҵҟа аҭыԥ рыманы иҟалон, иаагозар, ажәытә бырзен философиа, китаитәи афилософиа, мамзаргьы анемец философиа реиԥш. XVII ашәышықәса инаркны аглобализациа маҷ-маҷ аҿиарала, амилаҭтәи агеографиатәи еиԥшымзаарақәа инаргӡо ароль иаҳа имаҷхо иалагеит, еиуеиԥшым афилософиатә хырхарҭақәа интернационалтәхо, агеографиеи акультуреи ирыдҳәалам ахьӡқәа роуа иалагеит, иаагозар, амарксизм, аекзистенциализм уҳәа реиԥш. Убри инаваргыланы, иахьазы иаанхоит еиуеиԥшым афилософиатә хырхарҭақәа шьақәзыргыло акультура-бызшәатә еиԥшымзаарақәак. Ас еиԥш ихадоу аиҟәшарақәа ируакуп ҳаамҭазтәи мраҭашәаратәи афилософиа аконтиненталтә философиахь аихшара, хадаратәла ҳаамҭазтәи афранцызи анемеци философцәа русумҭақәа назлоу, еиҳарак англыз бызшәала ицәажәо атәылақәа рҿы иҿио аналитикатә философиа.

Антикатәи аамҭа инаркны афилософиа иҷыдоу аԥсҭазааратә мҩа иуниверсалтәу аҵакы аиуеит, еиуеиԥшым афилософиатә школқәа иахьреиуоу адептцәа ирыднаҵоит хкыла еилоу аԥсҭазааратә стильқәа рыдгылара.[20]

Ихадароу астатиа: Алогика

Афилософиа арационалтә хшыҩзцарақәа рыла иахьышьақәгылоу азы алогика афилософиа раԥхьатәи атрибутуп. Еиуеиԥшым афилософиатә концепциақәа анализ рзуразы, урҭ реиҿырԥшразы имҩаԥгатәуп еиуеиԥшым афилософиатә шьақәырӷәӷәарақәеи атеориақәеи. Ауаҩытәыҩса ихәыцшьа текстла иахьышьақәгылоу инамаданы, алогика атекстқәеи абызшәақәеи ранализ ӷәӷәала иадҳәалоуп. Алогика атекстуалтә хшыҩзцара аформализациа азнауеит, анализ азуразы иудукылаша уи аформақәа ҳәаақәнаҵоит. Ахшыҩзцара логикала аформализациа азуразы раԥхьатәи шьаҿаны иҟалеит асиллогизмқәа, мамзаргьы ахкы ахшыҩзцарақәа раарԥшра:

аԥстәқәа зегьы иԥсуа роуп
аслан-ари ԥстәуп
Ашьҭа.аслан аԥсра зқәу ауп

Асиллогизмқәа иалкааны рхархәара афилософиаҿы, аматематикаҿы, аԥсабаратә ҭҵаарадыррақәа рҿы, мамзаргьы адедуктивтә хәыцра аформализациазы ашьақәырӷәӷәаратә хшыҩзцарақәа рзы амҩа аанартуеит.

Имариоушәа ишубогьы асиллогизмқәа идыру ауаҩытәыҩсатә жәаҳәа ралкаара иаразнак зехьынџьара иҟамлеит. Асиллогизмқәа ршаҳаҭгак аҳасабала ралкаара иацхрааит Ажәытә Бырзентәыла ирылаҵәаны иҟоу афилософиеи аматематикеи реицааира. Асиллогизми имариаӡоу алогикатә системеи реилкаара аԥҟарақәа инарықәыршәаны раԥхьатәи ахҳәаа ҟаиҵеит Аристотель. Аристотель илогика ԥсахрада иаанханы иҟан ҩ-нызқь шықәса, XX ашәышықәса алагамҭанӡа, аматематикеи аналитикатә философиеи рҿы аҭҵаарақәа алогика аҿиаразы амҩа анаадырт. Аформализациа азун уажәазы ибзианы иҭҵаау «актәи аиҿкаашьа алогика» ма «апредикатқәа рлогика». Амала, излеилкаахаз ала, афилософиатә аргументациа, еиҳаракгьы иԥсабаратәу ауаҩытәыҩсатә жәаҳәа инагӡаны анализ азуразы иаҭахуп амодалтә логикеи еиҳа иҳараку аиҿкаарақәа рлогикақәеи рхархәара, ҷыдала аҩбатәи аиҿкаашьа алогика.[21] Уи адагьы, аформалтә символтә бызшәеи иԥсабаратәу ажәаҳәеи реимадара ҭырҵаауеит алогикатә семантикеи асемиотикеи. Арҭ амаҭәарқәа еиҳа иҳараку аиҿкаарақәа рмодалтә логика ааидкыланы активла амаҭәартә ҭҵаарақәа ирхырхарҭаны иаанхоит. Ҳаамҭазтәи алогика шьақәгылоуп игәыԥҵәагам аматематикатә концепциа ҵаулақәа рыла, урҭ ҭырҵаауеит афилософцәа, аматематикцәа, абызшәадырцәа, аҵыхәтәантәи аамҭазы иара убас аӡбамҭақәеи иԥсабаратәым аинтеллекти ртеориа аганахьала апрограммистцәеи азанааҭуааи рыла.[азгәаҭа 2] Абасала, алогика, зегь реиҳа ижәытәӡатәиу, ҳаамҭазтәи амаҭәарқәа иреиуоуп.

Атеориатә философиа

[аредакциазура | акод аредакциазура]
«Абжьарашәышықәсазтәи афилософ, ажәҩан аԥарда иаваԥшуа». Фламмарион ишәҟәы иану агравиура, 1888 ш.
Ихадароу астатиа: Аметафизика

Аметафизика зегь реиҳа иабстракттәу афилософиа аҟәшоуп, алабҿабатә иадҳәалоу, иаҳа ихадаратәу, «наунагӡатәи» ҳәа изышьҭоу азҵаарақәа ҭызҵаауа. Арҭ ахадаратәтә зҵаарақәа рыбжьара хазы акласс ахь иалкаауп аҟазаара иадҳәалоу азҵаарақәа, аметафизика ари ахәҭа иахьӡуп «аонтологиа». Зегьы раԥхьа иргыланы аҟазаара азҵаарақәа рахь иаҵанакуеит абас еиԥш иҟақәоу:«Иҟаҵәҟьоузеи?», «Иаанагозеи аҟазаара?», «Аҟазаара алзыршозеи?». Аҟазаара еиҳа ахархәаратә зҵаарақәа рахь иаҵанакуеит: «Избан адунеи зыҟоу?», «Дунеик аума иҟоу?», «Изакәызеи аҭыԥ?», «Изакәызеи аамҭа?» уҳәа уб.иҵ. Аилкаарақәа «аонтологиеи» «аметафизикеи» зны-зынла синонимқәаны рхы ишадырхәогьы, иҟоуп ишиашоу аҟазаара иадҳәалам аметафизикатә зҵаарақәа рыклассқәа. Ас еиԥш иҟоу апроблемақәа рахь иаҵанакуеит еибгоу ахәҭақәа реизыҟазаашьа азҵаарақәа, амзызқәеи ахҟьаԥҟьақәеи реимадара азҵаарақәа, ахақәиҭра агәаҳәара иадҳәалоу азҵаарақәа уҳәа уб.иҵ.[22] Ас еиԥш иҟоу азҵаарақәа еиҳа аметафизика иаҵанакуеит, аиҳарак аонтологиа акәымкәа.

Лассы-лассы афилософиатә система арационализациа азура зҽазызшәо иалкаау адогмат акәша-мыкәша идыргылоит. Иаагозар, ақьырсиантә философиеи аԥсылман философиеи рҳәаа иҭагӡаны Анцәа дшыҟоу ашьақәырӷәӷәара рҽазыршәон. Абасала адин арационализациа азура иашьҭоу аонтологиа аҟәша арационалтә ма аԥсабаратә теологиа ҳәа иашьҭоуп. Аматериалтә дунеи иаҟәыҭханы аԥсы шыҟоу агәрагара акәша-мыкәша агәаанагарақәа шьақәзыргыло аонтологиа ахәҭак ус иагьахьӡуп. Иааизакны, иарбанзаалак акосмологиа арационализациа, «арационалтә космологиа» ахьӡуп.[23]

XX ашәышықәсазы философиатә хырхарҭақәак аметафизика цқьа аҽазыҟаҵара шхымԥадатәиу гәрамгарҭас иҟарҵеит. Иаагозар, апозитивистцәа, еиҳарак алогикатә позитивистцәа ргәаанагарла, иара убас аԥсабаратә ҭҵаарадыррақәа рхаҭарнакцәа аӡәырҩы ргәаанарақәа рыла ашьақәырӷәӷәара акритери ззынарыгӡо азҵаарақәа рыҭҵаара ауп ҵакы зманы иҟоу.[24] «Наунагӡатәи азҵаарақәа» реиҳарак ари аҩыза акритери рзышьҭыхӡом, ус анакәха, урҭ рылацәажәара мацара ҵакыдоуп. Даҽа ганкахьала, аҭҵаарадырреи ашьақәырӷәӷәареи рзы ишиашоу еиҿагылоу агәаанагарақәа змоу апостструктуралистцәагьы аметафизика аҵакы акритика азыруеит, Ҳаидеггери Ницшеи ртрадициа иацырҵоит, аметафизикагьы, афилософиагьы шеибгоу, аԥсабаратә ҭҵаарадыррақәагьы «мраҭашәаратәи ахдырра аамҭалатәи амҩахҟьара» ауп ҳәа ирԥхьаӡоит.[25]

Ас еиԥш акритикцәа рпозициақәа ӷәӷәала рыԥсаҟьара аметафизика амаанақәа рзы аҭыԥ ҭбаа азыннажьуеит, иааидкыланы аҵыхәтәантәи ашәышықәсақәа рыҩныҵҟа аметафизика азҿлымҳара иацлоит.[24] Аметафизикатә ҭҵаарақәа цоит афилософиа еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыҩныҵҟа, иаагозар, аҭҵаарадырра афилософиа, абызшәа афилософиа, акультура афилософиа рыҩныҵҟа. Ҳаамҭазтәи аметафизика зҟазара ҳараку маҭәаруп, зыҩныҵҟа ахархәарала иӡбахо хәҭақәак «наунагӡатәи» рызҵаарақәа раҟәыҭхара аҽазышәарақәа мҩаԥысуеит.[22]

Аԥсабара афилософиеи адырра атеориеи

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Атеориатә философиа иаҵанакуеит аԥсабара адырреи иара адырра ахаҭа закәу адырреи. Актәи акатегориа традициала иаҵанакуеит анатурфилософиа, аха, уи аӷьырак XVII-XVIII ашә. аҭҵаарадырратә метод аконцептуализациа азуны афилософиа иалкаахеит аԥсабаратә ҭҵаарадыррақәа рахьтә – афизика, ахимиа, астрономиа, абиологиа. Ус шакәугьы, ауаҩы ихаҭа иԥсабара иадҳәалоу аԥсабара ахәҭак афилософиатә ҭҵаарақәа рҳәаа иҭагӡаны ишыҟац иаанхоит, избанзар арҭ азҵаарақәа рызнеишьа апарадигма еилыкка иахьатәи аамҭазы иҟаӡам. Убри аҟнытә ахдырра афилософиеи, абызшәа афилософиеи, асемиотикеи афилософиа амаҭәарқәа раҳасабала, хыла иԥсабаратәу абызшәақәа рыбзоурала, ауаҩы ихшыбаҩ аҿы имҩаԥысуа, насгьы ауаҩытәыҩса ихәыцшьа иадҳәалоу апроцессқәа реилкаара аԥшаара иаҿуп,[15]

Атеориатә философиа аҟәшақәа аҩбатәи ркатегориа адырра апроцесс ахаҭа ҭнаҵаауеит. Афилософиа иаусхк хаданы, уи азҵаара ықәнаргылоит «Иарбанзаалак акы шԥаадыруеи?» насгьы «Иара аадырҵәҟьома», аепистемологиа ауп (зны-зынла «агносеологиа» ҳәа изышьҭоу). Иахьатәи аамҭазы аҭҵааратә усура хада еизызгаз ҟәша хаданы иҟоуп аҭҵаарадырра афилософиа, уи аҭҵаарадырратә метод апрактика анализ азнауеит, азҵаарақәа рҭак аҟаҵара аҽазнашәоит «Аҭҵаарадырратә метод аус шԥауеи?», «Аҭҵаарадырратә метод аформализациа азура ауама?», «Аус ауҵәҟьома аҭҵаарадырратә метод?».[26] Аконтиненталтә философиа аҳәаақәа ирҭагӡаны аҭҵаарадырра афилософиа аԥҟара хадақәа уажәтәи аамҭазы аналитикатә философиа аҳәаақәа ирҭагӡаны аиԥш-зеиԥшу аԥҟарақәа акыр еиԥшым. Аҭҵаарадырра афилософиа акәзар, аматематика афилософиа, афизика афилософиа, абиологиа афилософиа, аекономика афилософиа уҳәа аҽашоит.[27]

Адырра апроцесс ахаҭа аҭҵаара акрызҵазкуа даҽа аспектны иҟоуп афилософиа ахаҭа аҭҵаара. Афилософиеи итиптәу аҭҵаарадырреи реиԥшымзаарақәа ируакуп иара ахаҭашҟа амета-позициахь ацәырҵра алыршара. Аметафилософиа афилософиа амаҭәар ахаҭа ҭнаҵаауеит адәахьала, ас еиԥш ихадоу, еиҳа аус зыдулоу маҭәаруп аметаетика, уи аетика иаҿырԥшны ганлатәи апозициа ааннакылоит.[28]

Апрактикатә философиа. Аксиологиа

[аредакциазура | акод аредакциазура]
- абуддатә философиа аганахьала иреиҳау анасыԥ. Ҳаамҭазтәи асахьа, апровинциа Уттарадит ауахәамаҿы
Ихадароу астатиа: Апрактикатә философиа

Апрактикатә философиа фактла аетика еиуеиԥшым аспектқәа роуп. Аетика зегь раԥхьа иргыланы реиҳа инарҭбааны иҭнаҵаауеит адунеи аҿы ауаҩы иҭыԥ, аҽазнашәоит ауаҩытәыҩса инасыԥ закәу, насгьы уи шынагӡатәу азҵаарақәа рҭак аҟаҵара. Аетика иҭнаҵаауеит ацәгьеи абзиеи рызҵаарақәа, аиашара аилкаара, иашьҭоуп ауаҩы иԥсҭазаара аҵакы. Ари азеиԥш рҽалыркаауеит хаҭалатәи амаҭәарқәа.[29]

иҭнаҵаауеит иҟоу еиуеиԥшым аполитикатә системақәа, иаԥнаҵоит аҿыцқәа; амчра афилософиа иҭнаҵаауеит амчра аҳәаа ашьаҭақәа, аполитикеи аҳәынҭқарреи реиԥш азини рзы иаку аҟазаара ахыҵхырҭа аарԥшра аҽазышәо; азин афилософиа иҭнаҵаауеит зегь реиҳа инарҭбааны еиуеиԥшым азакәанԥҵаратә принципқәа рыхҟьаԥҟьақәа; аҭоурых афилософиа аҭоурых ҭнаҵаауеит адунеи аиӷьтәразы ухы иаурхәаша зеиԥш принципқәак раарԥшразы; аҵыхәтәан аестетика ашьҭоуп иссиру закәу аилкаара. Иаҳа хазы иҟоу амаҭәарқәа рахь иаҵанакуеит аксиологиа – ихадоу ауаҩытәыҩсатә беиарақәа аус рыдулара, адин афилософиа – ауаҩы изыршәаны адинхаҵарақәа рыҭҵаара, атехника афилософиаатехникатә прогресс ауаатәыҩса ишырныруа анализ азура, аҵарадырра афилософиа – аҵарадырра аиӷьтәра азҵаарақәа уҳәа.[30]

Адгьыл кәакьқәак рҿы апрактикатә философиа акыр заа иҿиауан атеориатә философиа, аметафизика, ма алогика раасҭа. Иаагозар, ажәытәӡатәи китаитәи афилософиа ишынеибаку иҭнаҵаауаз аетикеи аполитикатә философиеи рызҵаарақәа ракәын, Урыстәыла ахатәы философиа анцәырҵ аурыс хәыцыҩцәа ринтересгьы раԥхьа иргыланы апрактикатә философиа иазкын.

Афилософиа аира, арационалтә философиатә хәыцра ашьақәыргылара аамҭакала иалагеит ҳашықәсԥхьаӡара ҟалаанӡа VII-VI ашә. адгьыл кәымпыл еиуеиԥшым ахи аҵыхәеи рҿы: Китаи, Индиа, адгьылбжьарамшынтә бырзен колониақәа рҿы. Иҟалап ари ма уаанӡатәи апериод иаҵанакуа егьырҭ ацивилизациақәа афилософиатә хәыцра рхы иадырхәахьазар, аха рфилософиатә усумҭақәа еилкаамкәа иаанхоит. Зны-зынла ижәытәӡатәиу афилософиа иахырыԥхьаӡалоит Ажәытәӡатәи Египети Месопотамиеи рцивилизациақәа ирцәынхаз ажәаԥҟақәеи афоризмқәеи реизгақәа, аха ас еиԥш аидкылара афилософиатә литератураҿы иадгылаӡом. Убри инаваргыланы арҭ ацивилизациақәа иааизакны абырзен цивилизациа, ҷыдала заатәи абырзен философцәа рдунеихәаԥшышьа акультуратә нырра хымԥадан, аха уи акәӡам зхала иҟоу афилософиатә жәытә бырзентә хәыцра аира амаҵ азызуз.[31][32] Афилософиа ацәырҵра апроблема знапы алакыз А. Чанышев иаликаауеит уи ахыҵхырҭақәа хԥа: амифологиа, аҭҵаарадырра, «абжьааԥнытәи ахдырра азеиԥштәра».[33][34][35]

Афилософиа ацәырҵреи аҿиареи рзеиԥш елементны иҟалеит иалкаау аҵара ашьҭанеицәа рыла ишьақәгылоу афилософиатә школқәа рышьақәыргылара, насгьы арегионқәа зегьы рҿы ашьҭанеицәа рлагала иааидкыланы ашкол, ма ашьаҭаркҩы ихырԥхьаӡалон.[36] Индиатәи афилософиеи абырзен философиеи рышьақәгылара аиԥш зеиԥшу асхемала имҩаԥысуан, аха индиатәи афилософиа акыр ишьшьылаҳаны иҿион.[33] Китаитәи афилософиа, аконсерватизм зыҿиара ааннакылоз аилазаара руаажәларра-политикатә шьақәгылашьа ааидкыланы еиҳагьы ишьшьылаҳаны иҿиауан, ибзианы аус зыдулаз ххҭақәаны иҟаз аетикеи аполитикатә философиеи роуп.[37]

Ажәытә бырзен философиа

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Заатәи абырзен философиа

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Абырзен антикатә философиа ахы ыҵнахуеит ҳашықәсԥхьаӡара ҟалаанӡа VI ашәышықәсазы. Мраҭашәаратәи афилософиа адацқәа, арационалтә хәыцра ахыҵхырҭақәа, иара ажәа «афилософиа» ацәырҵра ахаҭа зыдҳәалоу ари апериод азы Бырзентәыла ицәырҵыз хәыцыҩцәақәаки урҭ рышколқәеи роуп.[38] Иааизакны арҭ афилософцәа зегьы сократнӡатәиқәа ҳәа ирышьҭоуп, даҽакала иуҳәозар, Сократ иаԥхьанеиуа атеориатә ҵакалагьы, аамҭатә ҵакалагьы. Зегь реиҳа еицырдыруа сократнӡатәиқәа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Фалес, Демокрит, Пифагор, Зенон. Сократнӡатәиқәа рҿаԥхьа иқәдыргылон аметафизикатә зҵаарақәа рыхққәа «Изакәызеи аҟазаара?», «Иҟоума лабҿаба аобиектқәа рҳәаақәа?» мамзаргьы «Аобиектқәа лабҿаба рҽырԥсахуама?», иара убас иаԥырҵеит хәҭа-хәҭала урҭ азҵаарақәа рҭак ҟазҵо, еиҿагыло адунеи амодельқәа акымкәа-ҩбамкәа. Арҭ амодельқәа акыр иаԥсазтәуаз адырра аиуразы иҿыцу азнеишьа акәын: аемпирикатә гәаҭарақәа ирыдҳәаланы рационалла атеориаркра.[39]

Фалес аредукционизм зхы иазырхәаз афилософцәа раԥхьа дгылан – иуадаҩу иааҳакәыршаны иҟоу адунеи аҩныҵҟа имариоу закәанқәак, ма хәҭақәак ралкаара иҽазишәеит.[40] Ари аметод иааиуа 200 шықәса рыҩныҵҟа еиҭаҳәан сокртанӡатәиқәа аӡәырҩы, ҷыдала Демокрити Левкиппиатомизм аконцепциа авторцәа, уи даара зыхә ҳараку философиатә концепциахеит, анаҩс иахьагьы ахархәара змоу ҭҵаарадырратә концепциахеит.[41] Сократнӡатәиқәа ирыбзоуроуп иара убасгьы афилософиатә материал адагьы аматематикатә материал аҿгьы аус здырулоз алогика аиӷьтәра.[42] Машәыршақә иҟамлаӡеит, хәҭа-хәҭалатәи аматематикеи агеометриеи реихьӡарақәа жәпакы сократнӡатәиқәа рыхьӡқәа иахьрыдҳәалоу.[39] Сократнӡатәиқәа аклассикатә антикатә философиа ашьаҭа ркит. Пифагор ажәа «афилософиа» раԥхьаӡа ахархәара иалагаз иакәын, еиҳагьы азеиԥш ҵакы, атермин аҳасабала акәымкәа.

Анаҩс ишьақәгылаз ажәытә бырзен философцәа ргәыԥ, асофистцәа, азҵаарақәа зегьы рҭак иаша иашьҭаз сократнӡатәиқәа рахь агәрамгара аадырԥшуан.[43] Асофистцәа арелиативизм, аиаша азыҟашьатәра агәра ргон, иарбан гәаанагаразаалак ажәа хыркыла, агәра угартә ахьчара рҽазыркуан, рҵаҩцәагьы ус иддырҵон.[44] Асофистцәа ашьҭахьтәи абырзен философцәа акырынтә акритика шырзыҟарҵахьазгьы, алогикеи ариторикеи рыҿиараҿы рлагала дууп. Афилософиа аҿиара анаҩстәи аетапқәа раан изныкымкәа арелиативизм иазыхынҳәхьан егьырҭ аконтекстқәа рҿы.[45]

Аклассикатә бырзен философиа

[аредакциазура | акод аредакциазура]
Платони Аристотельи, Рафаель иҭыхымҭа "Афинытәи ашкол" аԥыҵәҵәа, Ватикантәи аҳҭны. Платон (арӷьарахь) ажәҩан адырра ахыҵхырҭа ҳәа иԥхьаӡоит, иара ихәыцрақәа ртеориа инақәыршәаны, Аристотель (арӷьарахь) адгьыл ахь инапы рханы, ампирикатә мҩала адырра аиура дшазхиоу ааирԥшуеит
Ихадароу астатиа: Сократ

Аклассикатә бырзен философиа адунеитә культура анырра ду анаҭеит. Ари афилософиа еиҳарак изыдҳәалоу хҩык рыхьӡқәа роуп: Сократ, иҵаҩы Платон, анаҩс Платон иҵаҩы – Аристотель. Сократ илагала еиҳарак изыдҳәалоу раԥхьа еиқәшаҳаҭым ҩыџьа афилософцәа рдиалог аҳасабала афилософиатә зҵаара адгалара акәын, руаӡәк аҵыхәтәаны иҿагыло аргументқәа анынҵәа иоппонент диқәшаҳаҭхоит.[46] Сократ иметод даҽа философиатә концепциак иформалтәу аԥхьажәа акәын,уи зҩымҭақәа адиалогқәа раҳасабала изкьыԥхьуаз Платон ихы иаирхәон.[47]

Платони Аристотели Адгьыл аҿы зегь реиҳа анырра змаз ауаа иреиуан.[48] Платон иҟаиҵаз аидеиақәа ртеориа ауп, уи зегьы еицырдыруа идиалог Ареспублика аҿы ишьақәгылоуп. Ахәыцрақәа ртеориаҿы, Платон аматериалтә обиектқәа идеалтәу «формақәа» ма «хәыцрақәак» еиҿирԥшуеит, урҭ џьара иҳараку адунеи аҿы иҟоу.[49] Платон ифилософиаҿы аматериалтә обиектқәа хыхьынтәи иааз идеалтәу аформақәа рцәаҩақәа роуп, Ашьха амиф аҟны иҟоу ииашоу аобъектқәа ргәылшьапқәа реиԥш.[50] Абасала, Платон афилософиаҿы зегь реиҳа ихадоу ахырхарҭа шьақәиргылеит, уи ашьҭахь идеализм ҳәа иашьҭан. Платон иусумҭақәа рҿы иааԥшуаз ахәыцрақәа рбеиареи, идеализм аиҿкаара ашьақәгылареи, Платон ифилософи убриаҟара аҵакы аманы иҟанаҵеит, XX-тәи ашәышықәсазы инхоз афилософцәа руаӡәк Алфред Уаитхед Мраҭашәаратәи афилософиа зегьы «Платон изы ҵаҟатәи ацәаҳәақәа» ҳәа рыхьӡиҵеит.[азгәаҭа 3][51] Платон ифилософиа «Платонизм» ҳәа иашьҭан, насгьы шәышықәсала ихьыԥшым хырхарҭак аҳасабала аҿиара аиуит, анаҩс Неоплатонизм ахь ииасит.[52]

Аристотель адунеитә культура аҿаԥхьа илшамҭақәа маҷк даҽа ҟазшьак рымоуп. Аристотель Бырзентәыла еизигаз афилософиатә дыррақәа аҭҵаарадырратә литература астандартқәа шьҭазҵаз аформа ҿыц ала асистематизациа рзиуит.[53] Иусумҭақәа рахь иаҵанакуан алогика, аметафизика, аетика, ариторика, иара убас абырзен натурфилософиа еишьҭаргыланы аиҭаҳәара: акосмологиа, афизика, азоологиа уҳәа. Аристотель иусумҭақәа ажәытә бырзен цивилизациа амра аҭашәамҭаз ицәырҵыз абырзен философиа квинтессецианы иҟалеит, адыррақәа рхырхарҭақәак рҿы шәышықәсала истандартхеит, даҽа џьара-џьара – азқьышықәсақәа рзы.[54] Аристотель иалеигалеит иацу атерминологиа, анаҩс абызшәақәа шамахамзар зегьы ирылалеит, уахь иаҵанакуеит абас еиԥш иҟоу аилкаарақәа: «акатегориа», «аҳәаақәҵа (адефинициа)», «асиллогизм», «ашьҭамҭа», «алкаа», «асубстанциа», «ахкы», «ажәла», «аналитикатә», «адиалектика» уҳәа.[55] Аристотель ашәышықәсақәа акыр Европагьы Мрагылара Ааигәагьы еилшәара зқәым аҳаҭыр иман, уаҟа баша «Арҵаҩы» ҳәа ишьҭан.[56]

Аматериал асистемаркра инаваргыланы Аристотель, хәҭакахьала, ԥшь-мзызк ирызку аҵараҿы иаарԥшу, аматериалтә дунеи еиҳа адҳәаларала Платон ифилософиа еиԥшым ихатә философиатә парадигма цәыригеит. Хәҭакахьала, «хыхьынтә илбаагоу» Платон «иидеиақәа» раасҭа, Аристотель «иуниверсалиақәа» аматериалтә обиектқәа рхала идырҿион. Аристотель игәы иаанагон адыррақәа агәаҭарақәеи аԥышәеи рыла иуоур ҟалоит ҳәа, Платон Сократ инаишьҭарххны адыррақәа зегьы ыҟоуп, ауаҩы урҭ ирҳаӡом «игәалаиршәоит» ҳәа иԥхьаӡон. Аристотель ифилософиа аристотелизм ҳәа ахьӡ аиуит, акыр шәышықәса Европеи Мрагылара Ааигәеи рхы иадырхәон.[57]

Аеллинистикатә философиа

[аредакциазура | акод аредакциазура]
Ихадароу астатиа: Аеллинистикатә философиа

Платони Аристотели рышьҭахь Бырзентәыла, анаҩс Римтәи аимпериаҿы рыҿиара иацырҵон абырзен философиа шьаҭас измаз философиатә школқәаки хырхарҭақәаки, анопифагореизм, аплатонизм налаҵаны, иара убас Аристотель ифилософиа иацызҵо аперипатетикцәа.[58] Аскептикцәа иаадырԥшуан, идырҿиауан асофистцәа адунеи иазку адырра иашақәа рырҳара шзалымшо азы ридеиақәа.[59] Ари апериод ацашьа ҿыцқәа ирылукаауан астоицизм-китаитәи даосизм еиԥшу аетикатә концепциа, адунеи аҿы агармониа ахыҵхырҭеи иԥсабаратәу амаҭәарқәа реишьҭагылашьа адкылареи еиԥшызтәуа, уи инақәыршәаны алахьынҵа архәарақәа зегьы хьаҵра ақәымкәа ирхыргаларц рабжьызго.[60] Аҵыхәтәан, ари апериод акрызҵазкуа даҽа хырхарҭаны иҟалеит анеоплатонизм. Еицырдыруа афилософ ари апериод иатәу анеоплатонизм аидеолог Платон (III ашәышықәса ҳ.ҟ.) Анцәа иантропоморфра мап ацәикуан, зегьы зымчу иакәны иҟоу Анцәа, абасала ауаҩы иеиԥшра иахҟьаны, алшарақәа рҳәаақәа изцәырҵуан ҳәа шьақәирӷәӷәон.[61][азгәаҭа 4] Уи иахҟьаны, анеоплатонизм аҿы зегьзымчу амонотеисттә нцәеи Платон иидеиақәа мамзаргьы иформақәа рдунеии реизааигәахара мҩаԥысуеит, уи Платон иидеиақәа ақьырсианреи егьырҭ амонотеисттә динхаҵарақәеи хәҭакахьала реилалара алнаршеит.[62]

Ажәытә индиатәи афилософиа

[аредакциазура | акод аредакциазура]
Будда ибаҟа, Гандҳара, I ашә. Ҳашықәсԥхьаӡара аан.
Ихадароу астатиа: Индиатәи афилософиа

Ажәытә индиатәи афилософиа ахы ыҵнахит Вед аилыркаара атрадициа, аиндуизм атрадициа ижәытәӡатәиу атекстқәа рҟынтә.[63] Индиатәи афилософиа аира аамҭа еимакрада иҟам. Аҭҵааҩцәа рыхәҭак ажәытә индиатәи афилософиа алагамҭа ҳашықәсԥхьаӡара ҟалаанӡа VIII-VI ашә. – Ведаа рахь заатәи акомментариқәа реизга Упанишады аҩра иадырҳәалоит, Упанишады философиатә рҿиамҭоуп ҳәа иазыԥхьаӡаны.[64][65] Еиҳа аконсервативтә знеишьа Индиа афилософиа ахаҭа алагара ҳашықәсԥхьаӡара ҟалаанӡа V-IV ашә., «ашрамантә аамҭа» ҳәа изышьҭоу иаднаԥхьаӡалоит.[66] Ари апериод азы иныҟәоз аберцәа, ашраманцәа, Вед аҳаҭыр гәрамгарҭас иҟарҵо иалагеит, уи адинхаҵаратә еимакы цәырнагеит, еиуеиԥшым афилософиатә хырхарҭақәа цәырҵит.[67] Индуизм акритикцәа рахьынтәи иалкаауп зегьы раԥхьа иргыланы Будда, нас иара ихаану Аџьыҭа Кесакамбала, зҭынха аматериализм аныԥшуа, Демокрит иҿы аасҭа иаҳа иаартны иаарԥшу,, ашьҭанеицәа зегьы аредукционизми ареализми дзырҵоз, анаҩс ажәытә философцәа аӡәырҩы ирҟазшьа ҷыдахаз.[68][69]

Ажәытә индиатәи атрадициаҿы иубоит асофистцәа рхырхарҭа Алокаиат» ацашьа, урҭ реимак-еиҿак атрадициа «афилософиатә кружокқәа» рацәаны рцәырҵра иацхрааит.[70] Уинахыс (IV ашә. ҳ. ҟ. – II ашә. ҳ.ҟ.) Индиа ишьақәгылоит адаршанқәа – афилософиатә школқәа, урҭ еихшахоит Ведаа аҳаҭыр рымоуп ҳәа изыԥхьаӡои раҳаҭыр мап ацәызкуеи ҳәа. Актәи агәыԥ иаҵанакуеит раԥхьа иргыланы аиндуизм афилософиа аклассикатә школқәа фба: санкхьиа, аиога, ниаиа, ваишешик, миманс, ведант. Аҩбатәи агәыԥ ахь иаднакылоит алокаиата уҳәа егьырҭгьы. Индиатәи афилософиа иаҟазшьарбагаз зеиԥш ҷыдаран ашколқәа жәпакы аепистемологиа азҿлымҳара, адырратә хархәагақәа риашара иацны еилыхха ареализм иахьадгылоз.[71][72]

Ажәытә индиатәи афилософиа ашьақәгылараҿы абырзен философиа еиԥш раԥхьатәи аетапқәа ирхысуан, аха уи акыр ишьшьылаҳаны имҩаԥысуан, уи зыхҟьо индиатәи афилософцәа рыхшыҩзцарақәа рлогика абызшәадырра иахьадҳәалаз ауп ҳәа агәаанагара ыҟоуп, сократнӡақәа реиԥш аматематика акәымкәа.[73] Ажәытә индиатәи асиллогизм ааиҳара хә-мардуанк, ма инеиҳаны ишьақәгылан, аклассикатә х-мардуанк ирҿагыланы, ахшыҩзцарақәагьы агәрагара астратегиақәа раҳасабала иахәаԥшуан, ршаҳаҭгак аҳасабала акәымкәа.[74][69] Ажәытә индиатәи афилософиа алогика азҵаарақәа жәпакы аус рыднаулеит, иаланагалеит аилкаара, хаҭала, афилософиа, заатәи абуддизм аспектқәак рҿы нап анаркит афилософиатә зҵаарақәа аус рыдулара, европатәи афилософиа аамҭа ҿыц ааимҭазы изызнеиз.[75] Убри инацҵаны Индиа афилософиатә хшыҩзцарақәа Аристотель иҩаӡара рзышьҭымхит XX ашәышықәса алагамҭазынӡа, иара уа Индиа абудизм аҿиара атрадициақәаҵәҟьа рҿгьы атекстқәа аԥҵамызт, Платони Аристотели ртәқәа ирҿырԥшу, афилософиатә школ ҭышәынтәалақәа гәыцәс ирзыҟалашаз, абасала, индиатәи афилософиа инықәырԥшшәа амҩабжара иахысит, ажәытә бырзен философиа зхысыз.[76][77][78][азгәаҭа 5] Анаҩс Индиа аканонизациа зызуу абуддизми аџьаинизми аԥыжәара рыҭара индиатәи афилософиа ашколқәа реиуеиԥшымра акыр алаҟәра иахҟьаны, уи аҿиара атемпқәа ирнырзар ҟалап.[79][80][81]

Ажәытәӡатәи китаитәи афилософиа

[аредакциазура | акод аредакциазура]
Конфуций, Даоцзы игравиура, Тан адинастиа аамҭа, агравиура Мин адинастиа аамҭа
Ихадароу астатиа: Акитаи философиа

Китаитәи аклассикатә текстқәа Китаи афилософиа аира здыркыло «Шә-философиатә школк» раамҭа ишахцәажәогьы, аҭоурыхтәи абызшәадырратәи адырраҭарақәа шаҳаҭра руеит лабҿаба арҭ ашколқәа акыр ишмаҷыз, насгьы Конфуциа иҵара раԥхьа ишцәырҵыз, VI-V ашә. ҳ.ҟ. ҟалаанӡа, егьырҭ ашколқәа, урҭ рахьтә зегь реиҳа еицырдыруа – адаосизми алегизми, ишцәырҵуаз, ишҿиауаз, конфуцианра аганахьала рҵарақәа шьақәыргыло.[82][37][83] Хәҭакахьала, илегендартәу адаосизм ашьаҭаркҩы Лао-цзы итекстқәа цәырҵит Конфуциа иашьҭахь.[84]

Китаитәи афилософиа алзкаауа аҷыдарақәа ируакуп апрактикатә философиа хымԥада аԥыжәара амазаара, аиҳарак аетикеи аполитикатә философиеи.[85] Китаитәи афилософцәа раԥхьа иргыланы азҵаарақәа ықәдыргылон зеиӷьыҟам атәылауаҩи зеиӷьыҟам анапхгаҩи зеиԥшрахаша, аҳәынҭқарреи ауаажәларреи рҿы агармониеи аиҿкаареи реиқәырхаразы иаҭаху, еиуеиԥшым ашколқәа рыбжьара аимак-аиҿак адунеии ауаажәларреи рҿы агармониа ахыҵхырҭа иаша иаршәан.[82] Аԥхьаӡа инаргыланы уи зыхҟьо, ганкахьала, ари апериод иаҵанакуа китаитәи ауаажәларра ааигәаӡа аполитикатә хынҭаҩынҭарақәа жәпакы ахьырхыргаз, аҳәынҭқарра аполитикатә конфигурациа аиҭазхәыцра рҽахьазыршәоз ауп, даҽа ганкахьала, аҵарадырра, нас уи иабзоураны, афилософиа анапы алакзаарагьы алшара Китаи иҟан ауаажәларра реиҿкаашьа џьбара иаршәаны.[83] Афилософцәа, абасала, аполитикцәеи ачынуааи ирзааигәахон, аха егьырҭ ауаажәларра ирҟәыҭханы иҟалон.[86]

Китаитәи афилософиа ашьақәгылара аамҭазы афилософиатә школқәа жәпакы аметафизикеи, аепистемологиеи, анатурфилософиеи рызҵаарақәа ықәдыргылон, уи лымкаала моистам, инь, иан, цзиа рахь иаҵанакуеит, аха ари аус ацҵара хшыҩзышьҭра амоуит.[37] Ганкахьала, Китаи афилософцәа ашьҭашәарацара ӷәӷәақәа ирықәшәеит. Аха, даҽа ганкахьала, Китаи аетика азҵаарақәа еиҳа ахшыҩзышьҭра рызҭоз Конфуциа ифилософиа аԥыжәара агеит. Аҟазаара азҵаарақәа рҿы акәзар, итрадициатәу китаитәи амифологиа шьаҭас иаман, насгьы адырра иреиӷьу хыҵхырҭаны ишьақәырӷәӷәан ажәытә текстқәа.[86] Уимоу, Хань адинастиа аамҭазы, III ашә. ҳ. ҟ. конфуцианра адин де-факто астатус аҭан, Китаи афилософиа ҿиар акәхеит конфуциантәи аканон иаҿырԥшны.[87]

Адунеитә философиа IV-XVI ашә.

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Иҳаҩсызи анаҩстәи аамҭақәа ирҿырԥшны IV-XVI ашә. адунеи аҿы афилософиа аҿиара ашьшьыҳәа имҩаԥысуан. Европеи Мрагылара Ааигәеи ганкахьала Аристотели Платони ртекстқәа рканонизациа иадҳәалан, ганкахьала арҭ арегионқәа рҿы амонотеисттә динхаҵарақәа аԥыжәара ахьрымаз иадҳәалан.[88] XI ашәышықәсазтәи акатоликатә монах Пиотр Дамиани иформула «Афилософиа атеологиа амаҵуҩԥҳәыс лоуп» ари апериод азы афилософиа аҿиараҿы ҳаамҭазтәи аҟазшьарбагақәа рахьынтәи иажәа ҵарны иаанхеит, афилософиатә ҿыцрақәа рҳәаақәа акырӡа ишҭшәоу инаҵшьны иаарԥшуа.[89][90] Индиа афилософиатә хәыцра аҿиара ахаангьы аццакыра ҳаракымызт, III ашә. анҵәамҭазы абуддизм инарҭбааны алаҵәара, афилософиатә концепциақәа реиуеиԥшымра иҽеимкәа анырра анаҭеит. Аҵыхәтәан, Китаи афилософиа аҿиара иаԥырхаган афилософцәа рышьҭашәарацарақәа, абуддизм аларҵәара, Конфуциа итекстқәа рканонизациа.[86] Аԥхьаӡа инаргыланы, азқьышықәса дуӡӡа зегьы инеиҳау аамҭазы афилософиа фҩык аусзуҩцәа роуп здунеихәаԥшышьақәа шамахамзар инагӡаны адунеи ацивилизациа анырра азҭаз: Платон, Аристотель, Конфуциа, Будда, Муҳаммед, Қьырса.

Иҟазшьарбагоуп иара убас, Европа афилософиагьы Китаи афилософиагьы ари апериод азы акы иаламҩашьо аикәаргьежьра ахьыҟарҵаз. Европатәи афилософиа антикатә философиа ианацәхьаҵ, акраамҭа ақьырсиантә теологиа иадлеит, Аиҭарҿиара аепоха аан антикатә философиахь шьҭахьҟа ахынҳәразы. Убас еиԥш Китаи афилософиа еиҳагьы ирласны аконфуцианрахь ихынҳәуеит шәышықәсалатәи абуддизм «ианазҿлымҳаха» ашьҭахь. Индиа акәзар, ари апериод азы афилософиа ашьшьа-шьшьыҳәа ԥхьаҟа ицоит, II ашә. ҳ.ҟ. – II ашә. ҳ.ҟ. аепикатә аамҭа инаркны шамахамзар аҽамԥсахкәа.

Ақьырсиантә философиа

[аредакциазура | акод аредакциазура]
Ихадароу астатиа: Абжьарашәышықәсазтәи афилософиа

Ақьырсианра рхы иахьадырхәоз арегионқәа рҿы афилософиа ашьшьыҳәа иҿион, иалкаау адоктрина анапаҵаҟа иахьыҟаз инамаданы. Ақьырсиантә философиа раԥхьатәи аамҭа (IV ашәышықәсанӡа) ақьырсианра рационалла ашьақәырӷәӷәара, акапан цҵа аҭара аҽазышәарақәа аныԥшуеит. Афилософиа ари апериод иахьӡуп «апатристика», иара иаҳа иналукааша фигураны дыԥхьаӡоуп Насыԥ змоу Августин, уи анеоплатонизми ақьырсианреи ринтеграциа мҩаԥигеит, анеоплатонизм Абиблиа иаҿагылоз зегьы аԥихит.[91] Ақьырсиантә философиа ашьҭахьтәи аамҭа иахьӡуп «асхоластика», уи афилософиатә школқәа ауахәаматә еиҿкаарақәа рҟны реиҿкаара иазкыз, ауахәама еиуеиԥшым анапынҵақәа назыгӡоз. Ари апериод азы зегь реиҳа еицырдыруа философуп Фома Аквински, иара ас еиԥш анапынҵа нагӡо ақьырсианреи ааристотелизми еидикылеит. Фома Аквински ифилософиа иахьа уажәраанӡа Акатоликатә уахәама «аофициалтә» философиа, аколлеџьқәеи асеминариақәеи рҿы иддырҵо акәны иҟоуп.[55] Фома Аквински иара убасгьы деицырдыруеит ихатәы.[92]

Мрагылара Ааигәа афилософиа

[аредакциазура | акод аредакциазура]
Платон иеиҭагамҭа «Сократ иҵаҩцәеи иареи» азы Сельџьуктәи асахьаркҩы иадигалаз, XIII ашәышықәса
Ихадароу астатиа: Аԥсылман философиа

Аԥсылман философиа аира VIII-IX ашә. иаднакылоит. Аԥсылманра раԥхьатәи еицырдыруа афилософцәа ируаӡәку Аль-Кинди Аристотели Платони русумҭақәа еиликааит, Аллаҳ иабсолиуттәу итрансценденттәу «анеоплатониатә» ҳәаақәҵара ииҭеит, анаҩс ааристотелизми дадгылаҩхеит. Анеоплатонизмгьы аристотелизмгьы аамҭак ала аԥсылманрахь ралаҵара аҽазышәарақәа Аль-Кинди ишьҭанеицәа ирҟазшьарбаган, урҭ рыбжьара еиҳа еицырдыруаз Авиценнеи Ибн Рушди ракәын.[93] Аристотель иусумҭақәа Мрагыларахь араб еиҭагақәа рҿы еиҳа еиӷьны еиқәхоуп, абжьарашәышықәсазтәи Европа аасҭа, трактатқәакгьы еиқәханы иҟоуп араб бызшәахьтә алатын бызшәахь аиҭагақәа ирыбзоураны.[56]

Шәышықәсала зҽеиҵызхыз аԥсылман философиа апроблема хадақәа ируакын аԥсылманра аканони амистикатә исламтә сектақәеи реиҿагылара. Аԥсылман философцәа аӡәырҩы рҽазыршәон аканон рационалла адгылара аҭара, аха амистикатә хырхарҭа хада – асуфизм – XIII ашәышықәсазы аԥсылманра хазы хырхарҭаны иалкаахеит. Асуфизм анеоплатонизм акыр иазааигәахоит, атеософиа аелементқәа алоуп.[94] Аҵыхәтәан, XVI ашәышықәсазы аџьам философ амулла Садра аристотелизми, анеоплатонизми, аԥсылманреи реилаҵара илшеит, ифилософиа аԥсылманраҿы еиҳа анырра змоу концепцианы иҟалеит иахьа уажәраанӡа.[95]

Аиудаизм афилософиа ашьақәгылара мҩаԥысуан, ганкахьала, аԥсылман философиа аныррала, даҽа ганкахьала, аристотелизми анеоплатонизми рныррала. Аиудаизм ашьҭанеицәа рҟынтәи хәыцыҩцәақәак арҭ аконцепциақәа аиудаизм иақәдыршәарц иалагеит, аԥсылман каламқәа иреиԥшны ауриатә калам аԥҵара зҽазызшәаз Саадиа бен Иасефи Маимониди налаҵаны.[96]

Индиеи Мрагылара Хареи афилософиа

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Индиа афилософиа аҿиара еснагь ашьшьыҳәа имҩаԥысуан. Еицәазтәуа факторны иҟалеит III ашә. Индиа абуддизм инарҭбааны аларҵәара, иара аконцепциақәа рҿы иқәыргылоу азҵаарақәа иаахҵәаны рҭак аҳәара ҳаҭыр ақәым, уи афилософиатә логика аҿиара иҽеим анырра анаҭон. Аха VIII ашәышықәсазы аԥсылманцәа Индиа ралалареи XIII ашәышықәсазы аиндуизм аренессанси атеологиатә еимакқәа реиԥш афилософиатә еимакқәагьы дырӷыӷкит, XVI ашәышықәсазы Индиа 600 рҟынӡа текст ҟалахьан, урҭ философиатәуп ҳәа иуԥхьаӡартә иҟоуп.[97] Излацәажәо афилософиатә зҵаарақәеи урҭ рҭак авариантқәеи рҿы аиԥшрақәа убоит Индиа афилософцәеи Европантә ирхаануи – ақьырсиантә философцәа-асхоластцәа рыбжьара.[98]

III—V ашә.Китаи абуддизм алаҵәара иахылҿиааит хазы китаитәи абуддизм амахәҭа — чань-буддизм, уи еиднакылон афилософиа иазааигәаз итрадициатәу индиатәи абуддатә школқәа руак, Махаиана, нас китаитәи адаосизм.[99] Чань-буддизм ауп Иапониаҟа, Кореиаҟа, Виетнамҟа уҳәа Мрагылара Хара атәылақәа рахь ирылаҵәо, уаҟа «ӡен-буддизм» ҳәа ахьӡ аиуеит. Иапониа аконфуцианреи ӡен-буддизми реилаҵара асамураицәа рфилософиа шьаҭас иаиуеит. Абуддизм Китаиҟа иаанагеит ажәытәӡатәи китаитәи афилософцәа рхы иадырхәоз аасҭа акырӡа иҿиоу алогикатәи акатегориатәи аппарат, аха XI ашәышықәсазы Китаи абуддизм афилософиа анырра лаҟәуеит, маҷк иԥсаху аконфуцианрахь ахынҳәра убоит, уи «анеоконфуцианра» ҳәа ахьӡ аиуеит.[99]

Аиҭарҿиара аепоха афилософиа

[аредакциазура | акод аредакциазура]
Ихадароу астатиа: Аиҭарҿиара афилософиа

Аиҭарҿиара афилософиа шьаҭас иаиуит агуманизм – италиатәи апроторенессанс аҟынтәи иаауа, ауаҩы афилософиатә система «адунеи-ауаҩы» агәҭа дықәзыргыло аконцепциа. Агуманистцәа, «апрофессионалтә философцәа» ракәмызт, Европатәи акатоликатә университетқәа рҿы аҵарауаа рыҩаӡарақәа рауан, дара ргәы иаанагон афилософиа анцәа иитәу мацара амаҵ азуӡом, адгьылтә усқәа ирызҿлымҳазароуп ҳәа, зегьы раԥхьаӡагьы ауаҩы.[100] Убри инаваргыланы, агуманистцәа рхатәы философиа аԥҵырҵон мацара акәым, акатоликатә уахәама авторитет заҵәык аҳасабала ишьақәнарӷәӷәаз, «асхоластизациа зызуу» Аристотель иҿагыланы ажәалагала ҟарҵон анеоплатонизми егьырҭ антикатә философиатә хырхарҭақәеи рахь ихынҳәырц. Ецырдыруа раԥхьаӡатәи афилософцәа-агуманистцәа рхыԥхьаӡараҿы иҟан Николаи Кузанскии Мишель Монтени.[101] Аԥхьа агуманистцәа ауахәама акәымкәа асхоластика акәын изҿагылоз, аха Европа Аиҭарҿиара афилософиатә хәыцра аеволиуциа ццакны ақьырсиантә догмат иаҿагылон. Аестетикеи, анатурфилософиеи, аҭҵаарадырреи ирласны рыҿиара, хәҭакахьала, Микеланџьело, Леонардо да Винчи, Николаи Коперник рыхьӡқәа ирыдҳәалоу, ари аепоха иазҷыдароу римтәи апапцәа ламысдарала рхымҩаԥгашьа иацны акатоликатә уахәама аҳаҭыр ланарҟәит аинтеллектуалцәа раӷьырак аҿаԥхьа.[102] Анцәа дхазҵоз қьырсианцәаны ишаанхазгьы аинтеллектуалцәа аӡәырҩы Ватикан аҳаҭыр агәрамгара рызцәырҵит – Европа акәакьқәа жәпакы рҿы Ареформациа ахы акит. Аиҭарҿиара афилософцәа аофициалтә уахәаматә философиа агәрагара иаҟәыҵит, егьырҭ адырра ахыҵхырҭақәа рыԥшаара иалагеит, раԥхьа иргыланы ирхашҭхьоу антикатәи афилософцәа ирыдҵаалеит.[103]

Аамҭа Ҿыц афилософиа

[аредакциазура | акод аредакциазура]
Конфуци и-Ԥшьшәҟәык алатын бызшәахь аиҭагара, Париж, 1687 ш.
Ихадароу астатиа: Аамҭа Ҿыц афилософиа

XVII ашәышықәса инаркны афилософиа аҿиара ласӡаны имҩаԥысуеит, адунеи беиахоит афилософиатә концепциа ҿыцқәеи азнеишьа ҿыцқәеи жәпакы рыла. Иԥшьоу атекстқәа адырра ахыҵхырҭа хада аҳасабала наҟ инаскьагоуп, афилософцәа ҩаԥхьа ажәытәӡа ишьҭыхыз ихадоу афилософиатә зҵаарақәа рахь ихынҳәуеит. Европа, Аиҭарҿиара аепоха инаркны, антикатә философцәа еиқәханы иҟоу русумҭақәа зегьы еиҭагоуп, асистематизациа рызууп, антикатә философиа шьаҭас иҟаҵаны, афилософиатә хәыцра ԥхьаҟа ицоит. Уи инаваргыланы иалагоит анатурфилософиаҿы ареволиуциатә еиҭакрақәа, урҭ ашьҭахь «аҭҵаарадырраҿы ареволиуциа» ҳәа ирышьҭалоит. Френсис Бекон аексперимент аидеиа адырра иахыҵхырҭаны еилыкка ишьақәиргылоит, Галилео Галилеи аҭҵаарадырра зегьы уасхырс иазыҟало аметодологиа – аҭҵаарадырратә метод аметодологиа ашьаҭа икуеит.[104]

Аамҭакала иаҳа–иаҳа иубарҭахоит аглобализациа алҵшәақәа, адыррақәагьы рхы иақәиҭны адунеи аҿы аиҭаҵра иалагоит – еиуеиԥшым афилософиақәа наҟ-ааҟтәи рилаҵәара ахы акуеит. Европа Индиеи Китаии нагӡаны иаанартуеит, Индиеи Китаии ракәзар – Европа. Мраҭашәаратәи афилософиа Китаии иареи реидыслара раԥхьа иргыланы аетика-динхаҵаратә зҵаарақәа ирныԥшит. Акы, Абиблиаҿы зыӡбахә ҳәам ацивилизациа, ажәытәӡатәи китаитәи ацивилизациа аҟазаара афакт, Абиблиа аҳаҭыр ҵнашәааит. Ҩбагьы, акитаицәа рцивилизациеи Конфуциа иҟынтә иаауа аетика иазку ргәаанагарақәеи европаа рҿаԥхьа иқәдыргылеит аетикеи адинхаҵареи реимадаразы азҵаарақәа, ицәырҵит афранцыз Ҵаралашараҿы иацызҵаз «иԥсабаратәу адин» аидеиа, даҽакала иуҳәозар, иԥшьоу атекстқәа ирыдҳәалам адин.[105] Индиа афилософиа мраҭашәаратәи афилософиа иалаҵан, хадаратәла Артур Шопенгауер икьыԥхьымҭақәа инадыркны.[106]

Афранцыз Ҵаралашара

[аредакциазура | акод аредакциазура]

XVIII ашәышықәсазы агуманистцәа ихацдыркыз аус Франциа аполитикатә философиеи аетикеи рыҿиараҿы иацнаҵеит. Ари апериод иаҵанакуа афранцыз ҳәынҭқарра ааигәа-сигәа иҟаз Германиа, Голландиа, ма Англиа ирҿырԥшны еиҳа арепрессиа аҵан, уи ицәырнагеит акыр зылшоз афранцыз философцәа аӡәырҩы аргументла рҿагылара, урҭ ауахәамагьы аҳәынҭқаррагьы аетикеи аморали рызҵаарақәа рҿы раҳаҭыр гәрамгарҭас иҟарҵеит. Монтеские аполитикатә философиазы усумҭақәак икьыԥхьит, уаҟа формала ишьақәирӷәӷәеит Англиа иҟоу, Џьон Локк дзыхцәажәаз аиҳабыра реиҟәыҭхара хра аманы ишыҟоу. Вольтер ақьырсианра акритика азиуан, Жан-Жак Руссо еицырдыруа иусумҭа «Ауаажәларратә еиқәшаҳаҭразы, мамзаргьы аполитикатә зин апринципқәа» аҟны ауаажәларратә еиқәшаҳаҭра аидеиа еизирҳаит, ишиашоу адемократиа апринципқәа иҳәеит.[107] Арҭ афилософцәа русумҭақәа ауаажәларра-политикатә ԥсҭазаара анырра ду арҭеит: урҭ Афранцыз револиуциа аидеологиа ахәҭа хада акәын, иара убас ЕАА Аконституциа шьаҭас иаиуит.[108]

Аматериализми аидеализми

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Афилософиа азҵаара хадақәа ируакуп ҳахдырреи иааҳакәыршаны иҟоу адунеии реимадара аҟазшьа аилкаара. Афилософиа алагамҭазы ицәырҵыз аконцепциақәа ҩба – аматериализми аидеализми Аамҭа ҿыц азы рхатәы хьӡқәеи аформалтә еиҭаҳәареи роуеит, ԥхьаҟагьы аҿиара иалагоит. Аматериализм, атомистцәа-сократнӡатәқәа ажәытә индиатәи алокаиат аҿгьы иубо, еинаалоу еиҭаҳәарак аҳасабала ишьақәиргылоит Томас Гоббс. Амала, Џьон Локк ауаҩы икәша-мыкәша иҟоу адунеи хаҭала дахьадҳәалоу акәымкәа, ицәанырратә цәеижьхәҭақәа рхаҿра далԥшны дахьидикыло аҭагылазаашьа дазааҭгылоит. Џьорџь Беркли аидеализм апозициа ааникылоит: иара Локк иаргументқәа абсолиут аҟынӡа инеигоит: ауаҩытәыҩса идунеи шьақәгылоуп ицәаныррақәеи иидеиақәеи рыла, аматериалтә обиектқәа рыла акәымкәа.[109]

Иара убасгьы ишьақәыргылан ибжьаратәу концепциақәак. Рене Декарт ифилософиаҿы зеиӷьыҟами аматериалтәи дунеи шыҟоу аилыркаара иҽазишәон. Иара иконцепциа, Платон итәы акыр иазааигәаз, «дуализм» ҳәа ахьӡ аиуит. Даҽа ганкахьала, Спиноза адунеи зегьы аԥхьатәи «асубстанциа» ала ишьақәгылоуп ҳәа иԥхьаӡон, уи иара «анцәа» иоуп, аматериалтә обиектқәагьы ауаҩытәыҩсатә хдыррагьы зеӷьаҟам аобиектқәагьы шьақәзыргыло. Абасала, атермин «аидеализм» афилософиа иалазгалаз Леибниц XVIII ашәышықәса алагамҭазы ишьақәиргылеит аелементартә хәҭаҷқәа ҳаамҭазтәи рфизика иақәҿызҭуа аконцепциа. Леибниц аобиектқәа зегьы шьаҭас ирымоу аматериалтә атомқәа ракәӡам, «амонадқәа» роуп ҳәа иԥхьаӡон – активра ма аенергиа аҟәырҷахақәа.[110]

Аемпиризми арационализми

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Абиблиа уаҳа узықәгәыӷша, еиҳаракгьы ииашоу адырра иахыҵхырҭаны ишыҟам аилкаара аепистемологиатә еимакы ӷәӷәа иалагамҭаны иҟалеит. "Иабаадыруеи иарбанзаалак акы?" – рхы азҵаара арҭон Аамҭа ҿыц афилософцәа, уи азҵаара антикатә аамҭақәа инадыркны актуалра аҵан. Сократнӡатәқәа, реиҳараҩык арационалистцәа, адунеи хәыцрала еилукаар алшоит ҳәа ақәырҵон. Акыр аамҭа, ииашаны уаназхәыцуа, иалшоит ииашаҵәҟьоу, узавамло аҵабыргқәа реилкаара, иаҳҳәап, ма Пифагор итеорема. Антикатә аамҭақәа раангьы аскептикцәасофистцәа арационалистцәа ирҿагылон. Арационализм инарҵауланы аҭҵаара мҩаԥигеит Рене Декарт, уи аконцепциа ахархәарала, ауаҩы ицәанырратә цәеижьхәҭақәа зегьы зжьар зылшо акала иааирԥшит, иааҳакәыршаны иҟоу адунеи иазку адырра аҟәырҷаха заҵәык, ҷыдала иалкаау арационалтә знеишьа – «сара схәыцуеит, ус анакәха, сара сыҟоуп» шакәу. Егьырҭ алкаақәа зегьы мцхар алшоит.[111] Декарт иконцепциа анарбоит, иаагозар, еицырдыруа афильм «Аматрица».[112]

Спинозеии Леибници арационалисттә дунеихәаԥшышьақәа рыман, аха Џьон Локки Џьорџь Беркли адырра зегьы цәаныррала, емпирикала ауп ишымҩаԥысуа ҳәа ирыԥхьаӡон. Аемпиризм аҿиараҿы еиҳа илагала ҟаиҵеит Девид Иум, уи иусумҭақәа рҿы иаҳирбоит ауаҩытәыҩсатә дырра зегьы иубо ацәырҵрақәа реизыркәкәара шьаҭас ишамоу, иаахҵәаны иаҳҳәозар, аиндуктивтә хәыцра.[113] Иум инеиҵыхны ишьақәиргылеит аиндукциа апроблема – аиндуктивтә хәыцра, адедуктивтә хәыцра иаҷыданы, арационалтә шьаҭа шамам аилкаара. Даҽакала иаҳҳәозар, амра уаҵәы ихалоит ҳәа агәаанагара "арационалтә" ҵаҵӷәык ыҟаӡам, избанзар, уаанӡатәи амшқәа зегьы раангьы ус иҟан.[114]

«Ахшыҩ цқьа акритикцәа» раԥхьатәи аҭыжьымҭа атитултә бӷьыц, 1781 ш.
Ихадароу астатиа: Иммануил Кант

Аӡәырҩы ргәаанагарала, Иммануил Кант Платони Аристотели рыҩаӡараҿы иҟоу афилософцәа дыруаӡәкын. Иара ифилософиатә усумҭақәа, афилософиа аҿы зегь реиҳа еицырдыруа ашәҟәқәа иреиуоу Ахшыҩ цқьа акритика уахь иналаҵаны, афилософиа иҵаулоу акритикатә анализ азы стандарт ҿыцқәа шьақәдыргылеит.[115] Кант ифилософиа, раԥхьа кантианизм ҳәа, нас неокантизм ҳәа, европатәи афилософиатә цәанырра ду анырра анаҭеит.[116]

«Ахшыҩ цқьа акритикаҿы» Кант арационализми аэмпиризми рыпроблема дазхьаԥшит, уаанӡатәи азнеишьақәа акритика рзиуит, аемпиризми арационализми еидызкыло адырра аконцепциа ықәиргылеит. Астрономиаҿы коперниктәи ареволиуциа агәацԥыҳәара знаҭаз Кант игәы иҭан афилософиаҿы ареволиуциа аҟаҵара.[117] Кант адырра амаҭәарқәа «афеноменқәеи» «зыҩныҵҟа иҟоу амаҭәарқәеи» ҳәа ишеит. «Зыҩныҵҟа иҟоу амаҭәарқәа» (иаҳҳәап: «Анцәа дыҟоуп») рзы ашьақәырӷәӷәарақәа, Кант итәала, ԥышәарала иузгәаҭом; Кант ауаҩы ԥышәала ус еиԥш иҟоу амаҭәарқәа иҭам, убри аҟынтә урҭ ирызкны атеориатә дырра аиура илшом ҳәа иԥхьаӡон. Даҽа ганкахьала, Кант излиаҳәо ала, ауаҩы ихшыҩ ихы иархәаны иарбоу ацәаныррақәа аконцептуализациа рзиуеит: аамҭеи ақәыԥшылареи ирниҵоит, икатегориеитәуеит, афеномен амзызрбага аиҭоит.[118] Абасала, адырра Кант иҟны адкылара цқьа мацара иҭагӡам, аемпирикатәи арационалтәи ркомбинациақәа роуп.[119]

Кант ифилософиа иаҵанакуеит макьана зны изиааитәу аиҟәшара ииашоу аобиектқәа рыбжьара, урҭ инагӡаны «рхаҿы амаҭәарқәа» ыҟоуп, убри аҟнытә еилкаашьа рымаӡам, ауаҩытәыҩса ихдырраҿы рцәырҵрақәа, урҭ ауаҩытәыҩса ихшыҩ апризмала аконцептуализациа рызууп. Кант ифилософиа иаартны иааннажьуеит адырра аобиективра азҵаара, избанзар афеномен акатегориариеи аконцептуализациеи субиективтәзар алшоит.[120] Ари азҵаара шьаҭас иаиуит ҳаамҭазтәи афилософиаҿы аиҟәшара, аконтиненталтә философиахь асегментациа, аналитикатә философиахьгьы.[121] Абсолиуттә идеализм аамҭазы, Гегель иконтиненталтә философиа адунеи системак аҳасабала аконцепциақәеи акатегориақәеи рыла аилкаара ахьынтә иаауеит. Ас еиԥш иҟоу адунеи аҿы, иаагозар, агәаԥхара амчала еиуеиԥшым, арационалтә хшыҩзцарақәагьы уахь иналаҵаны, арекатегоризациақәа, ареконцептуализациа, ма адеконструкциақәа рымҩаԥгара алшоит, еиҳа-еиҳа иҿыцу афилософиатә концепциақәа аԥҵо.[122] Аналитикатә философиа атрадициа аԥхьа британиатәи аемпиристцәа рфилософиа иацҵо, ишьақәыргылоу афилософиатә категоризациақәеи алабҿабатә дунеии зегьы рыбжьара ашьҭахьтәи аимадара аԥшаара аҵанакуеит.[123] Аналитикатә философиа, абасала, ахшыҩзцара алогика аџьбарара еиҳа ахшыҩзышьҭра анаҭоит, хәҭа-хәҭала аҭҵаарадырратә метод зхы иазырхәо амаҭәарқәа ирзааигәахоит.[124]

Кантшьҭахьтәи анемец идеализм

[аредакциазура | акод аредакциазура]
Ихадароу астатиа: Анемец идеализм

Германиа Кант ишьҭанеицәа – Фихте, Шеллинг, Гегель – афилософиа дырҿиеит абсолиуттә идеализм ахырхарҭала, канттә маҭәарқәа рхаҿы рыҟазаара зынӡа мап ацәыркит. Гегель икәша-мыкәша иҟоу адунеи – абсолиуттә идеиа акатегориақәа конкретла раарԥшра.[125] Кантшьҭахьтәи анемец идеализм ажәалагала ҟанаҵеит атрансценденталтә субиект ҭоурыхла иахәаԥшларц, субиектк аҳасабала Гегель изцәырҵит иааидкыланы ауаатәыҩса рҭоурых «обиективтә доуҳак» аҳасабала.[126] Аобиективтә доуҳа аформақәа ҵакыс ирымоуп иҿио акультура аҭоурыхтә формақәа. Гегель абасала Кант итрансценденталтә идеализм аметафизикатә идеализм ахь ииаигеит.[121]

Аконтиненталтә философиа

[аредакциазура | акод аредакциазура]
Ихадароу астатиа: Аконтиненталтә философиа

Аконтиненталтә философиа ахы ыҵнахуеит Канти Гегели рфилософиа аҳәаа иҭагӡаны иалыршахаз аконцептуализациақәа рҿы. Раԥхьа атермин «аконтиненталтә философиа» иаднакылон аналитикатә, усҟан англызтә (мамзаргьы «адгьылбжьахатә») философиеи Франциеи Германиеи рфилософиеи реиҿагылара, Европатәи аконтинент аҿы.[127] Амала, ахырхарҭақәа ирышьҭанеиуаз ирласны географиала еилаӡҩеит, иахьатәи аамҭазы аконтиненталтә философиа ҳәаақәырҵоит уи иаҵанакуа афилософиатә концепциақәа реизгала.[128] Арҭ аконцепциақәа ҵакыла зынӡа еиԥшым, амарксизм инаркны апостструктурализмшьҭахьтәи аҟынӡа инаӡоит, аха урҭ еиднакылоит аналитикатә философиааҩныҵҟа иҟамло аконцептуализациа ахақәиҭра наӡа.[129] Гегель иазгәеиҭоит, адунеи лабҿаба иҟам, ауаҩы иихәыцыз категориала, концепциала, структурала еибаркуп, убри аҟынтә иалху иарбанзаалак шьаҭак ала арекатегоризациақәеи адеконструкциақәеи алыршахоит.[122] Иаагозар, Ницше аморалтә нормақәа рыҟамзаара шьақәирӷәӷәеит, Маркс агәра ганы дыҟан иаарласӡаны апролетариат ахадара шаиуаз, Камиу аԥсҭазаара шҵакыдаз.[130] Аконтиненталтә философиа ахаҭарнакцәа аӡәырҩы, иаагозар, Маркс, ма Кьеркегор налаҵаны, Гегель акритика шизыруазгьы, иага ус акәзаргьы Гегель иҿырԥшны рфилософиа шьақәдыргылон.[131][132]

Ҳаамҭазтәи аконтиненталтә философиа асегмент ду, ианеиҵаха, агерменевтикеи апостструктурализми назлоу, апостмодернизм афилософиа иаҵанакуеит.

Аконтиненталтә философиа акритика азура

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Акритикцәа аӡәырҩы изладырбо ала, аконтиненталтә философиа ахырхарҭақәа ирҟазшьоуп аморалтә релиативизм еиԥш аметодологиатә релиативизмгьы, уи иахҟьаны иааҳакәыршаны иҟоу адунеи алабҿабатә ацәхьаҵрагьы. Иаагозар, афилософиаҿы аналитикатә традициа ахаҭарнакцәа аконтиненталтә философцәа акритика рзыруеит аконтиненталтә философиа аҩныҵҟа ахырхарҭақәа зегьы рхәыцра рыҩныҵҟа иахьҭагьежьуа азы, иааҳакәыршаны иҟоу адунеи иадҳәаламкәа, уи азеиԥш маҭәартә контекст аҿы хырхарҭак зыԥсоу ахәшьара аҭаразы алшара унаҭом.[122] Афилософиа аналитикатә школ еицырдыруа ахаҭарнак Бертран Рассел аконтиненталтә хәыцра аморалтә релиативизм аликаауан, уи Гегель идиалектика иқәныҟәаны ауаажәларра рзы ихырҵәагаз «алибералтә» философиатә хәыцра аибаркырақәа ахылҿиааит: БентамРикардоМарксСталини ФихтеиБаиронКарлеильНицшеГитлер.[азгәаҭа 6] Иара убас ҵарауаақәак апостмодернисттә континенталтә школ арелиативизми методологиатә ҳәаак аҟамзаареи рзы акритика азыруеит.

Асовет ҭыжьымҭа «Акапитал» – Карл Маркс зегь реиҳа ифундаменталтәу иҩымҭоуп
Ихадароу астатиа: Амарксизм

Гегель ишьҭанеицәа ируаӡәкыз Карл Маркс ахшыҩҵак ахархәарала адунеи аҽеиҭакра азхәыцра шьҭихит, афилософиа адунеи аилкааразы мыруганы акәымкәа, уи аԥсахразы хархәаганы иԥхьаӡон. Амарксисттә философиа аҵакы зызкыз зеиӷьыҟам ауаажәларра аклассқәа рыла асегментациа рзутәым, уи хаҭалатәи ахатәра аԥыхрала, лымкаала аарыхра ахархәагақәа рыла анагӡара алшоит. Ахатә мал аԥыхра «акласстә қәԥара» иалҵшәахар акәын, хыԥхьаӡара рацәала «апролетариат» рымч анырнырлак, ареволиуциа амҩаԥгараан «абуржуазиа» ианаиааилак, рдиктатура анышьақәдыргылалак, уи зеиӷьыҟам «акоммунисттә» уаажәларрахь амҩа абжьаратәи етапны иҟалоит.[133] Маркс итеориа аԥҟарақәа аус аҿы рхархәара аҽазышәара ԥышәан 1917 шықәсазтәи Урыстәыла Ареволиуциа абзоурала, аха Урыстәыла аџьажәлар рымчра аилазаара аргылара залмыршахеит.[азгәаҭа 7][134]

Маркс иекономикатә зԥхьагәаҭарақәа аиҳараӡак ишынамӡазгьы, ифилософиатә, лымкаала заатәи иусумҭақәа ХХ – XXI ашә. Европа «иаҩцам» амарксизм иашьҭанеиуа анеомарксистцәа рзы аинтерес рыҵоуп. Аклассикатә марксизм аԥҟарақәа жәпакы рыгха ҳасаб азуны акәзаргьы, амарксисттә философиа ауаажәларраҿы имҩаԥысуа апроцессқәа реилкаара арҵаулоит. Анеомарксизм аҿиара уаҩы ишимбац иҟоуп, уи ашьҭанеицәа еишьҭаргыланы амарксизми егьырҭ имодоу атеориақәеи реилагӡара рҽахьазыршәоз. Аибашьра ашьҭахьҵәҟьа анеомарксистцәа амарксизми афреидизми еиларҵеит, Франкфурттәи ашкол ашьақәыргылара хаҭала рхы аладырхәит, 1970-тәи ашықәсқәа рзы анеомарксистцәа Маркс ифилософиеи усҟантәи аамҭазы имодаз аструктурализми еиларҵон, 1980-тәи ашықәсқәа рзы рҽазыршәеит марксизм атәылақәа жәпакы рҿы амчрахь инеиз аконсерваторцәа адаптациа рзура.[135] Иахьатәи аамҭазы иҟоуп амарксизми афеминизми, амарксизми апостструктурализми уҳәа ргибридқәа. Абасала, анеомарксизм иахьатәи аамҭазы Маркс ихаҭа ианаамҭаз хьаҳәхьачарада мап зцәикуаз «абуржуазиатә философиа» аиуеиԥшымзаара еилаҵаны ахы аԥшаауеит.[136]

Афеноменологиеи агерменевтикеи

[аредакциазура | акод аредакциазура]
Ихадароу астатиа: Афеноменологиа

Афеноменологиа – XX ашәышықәса афилософиаҿы анемец философ Едмунд Гуссерль иаԥиҵаз хырхарҭоуп. Афеноменологиа шьаҭас иамоуп Гуссерль ирҵаҩы Франц Брентано иқәиргылаз ахдырра аинтенционалра аидеиа. Афеноменологиаҿы адҵа ықәдыргылоит ахдырра цқьа, мамзаргьы ахдырра аҵакы аарԥшра. Абри хықәкыс иҟаҵаны афеноменологиатә редукциа ҳәа изышьҭоу мҩаԥысуеит, уи иахҟьаны иарбанзаалак амаҭәар ахдырра акоррелиатқәа раҳасабала ауп ишахәаԥшлатәу. Афеноменологиа хықәкыс иамоу амаҭәар аҟазшьақәа рыҭҵаара акәӡам, амаҭәари уи аҟазшьақәеи рҿы иубо аҵакқәа рспектр ахьышьақәгыло ахдырра актқәа рыҭҵаара ауп. Афеноменологиатә редукциа иаҵанакуеит ахыцқәа рыҭгара ахдырра адогматикатә шьақәгылақәа, урҭ афеноменологиатә ҭҵаара аҳәаақәа ирҭагӡаны аҵакы рымамзароуп.[137]

Гуссерль ифеноменологиа дацәхьаҵуа Мартин Ҳаидеггер иқәиргылеит «агерменевтикатә феноменологиа» аидеиа. Уи иконцепциаҿы агуманитартә ҭҵаарадыррақәа рметодологиа аҟынтәи агерменевтика аҟазаара иазку ҵараны иҟалоит. Агерменевтика амаҭәар – аилкаара –ауаҩытәыҩса иҟазаара афундаменталтә знеишьа аҳасабала иахәаԥшуеит. Афилософиатә герменевтика ашьаҭақәа иҳәеит Ҳаидеггер иҵаҩы Ханс-Георг Гадамер иусумҭа «Аҵабырги аметоди» аҟны (1960). Ҳаидеггер инаишьҭарххны Гадамер агерменевтикеи абызшәеи реимадара ааирԥшит. Аилкаара дҵас иамоуп, Гадамер излаиҳәо ала, аԥхьеилкаара – аҭоурыхи иахьатәи аамҭеи еидызҳәало атрадициа иҳәаақәнаҵо аилкаара азԥхьаҭагылазаашьа. Иарбан традициазаалак абызшәа ӷәӷәала иадҳәалоуп, уаҟа иаарԥшуп. Афилософиатә герменевтика атәала, абызшәа ауаҩы дҳәаақәнаҵоит, идырратә усура иашьаҭаны иҟалоит.[137]

Анигилизми анархизми

[аредакциазура | акод аредакциазура]
Ихадароу астатиа: Анигилизм

Афилософцәеи ашәҟәыҩҩцәеи гәыԥҩык ауаҩы иҩнуҵҟатәи ихәшьарақәа ртема ианадҵаалоз, иҟоу аморалтәи акультуратәи нормақәа рықәныҟәаразы ҵаҵӷәык шыҟам шьақәдырӷәӷәеит, уи «анигилизм»ҳәа ахьӡ аиуит. Иаагозар, абуддизм аилкаара шьаҭас иҟаҵаны, адунеи анигилисттә сахьа ҭихит Шопенгауер. Шпенглери Ницшеи рыкәша-мыкәша иҟаз европатәи акультураҿы анигилизм алаҵәара рбон. Ницше анигилизм европатәи акультура зегьы аҿиара иԥсабаратәу логиканы иԥхьаӡон, уи адацқәа ибон, хәҭакахьала, ауаҩы заа идырны иҟаиҵо агәнаҳара ақьырсиантә шьақәырӷәӷәараҿы.[138] Шпенглери Ницшеи анигилизми уи амзызқәеи еиҳа аконцептуализациа шырзыҟарҵазгьы, дара рхаҭақәа лассы-лассы анигилистцәа ирхырыԥхьаӡалоит. Атермин «анигилизм» ахаҭа раԥхьаӡа акәны Урыстәыла ицәырҵзар ҟалап, ашәҟәыҩҩцәа аӡәырҩы, иаҳҳәап Тургенев, изныкымкәа анигилистцәа рхаҿсахьақәа аадырԥшхьан асахьаркыратә литератураҿы.[139]

Анигилизм иҵоураны иазнеиуан анархизм афилософцәа, лассы-лассы аҳәынҭқарратәи, ауахәаматәи институтқәа мап рыцәкра азԥхьагәазҭо ахырхарҭақәа. Анархистцәа ауаҩы ихақәиҭра зегьы раԥхьа иргылатәу хәшьарала адекларациа азыруеит, аҳәынҭқарратә институтқәа зегьы ԥынгылак аҳасабала иахәаԥшуеит. Анархизм аидеиа ашьклаԥшра алшоит сократнӡатәиқәа шьоукы инадыркны, Зенон дналаҵаны. Атермин «анархизм» зхы иазырхәаз, уи аконцепциа шьақәзыргылаз раԥхьатәи ҳаамҭазтәи философын афранцыз политик Пьер Прудон.[138] Анархизм афилософиа Урыстәыла аҿиара аиуит, аурыс философцәа ҩыџьа – Михаил Бакунини Пиотр Кропоткини адунеи аҿы анархизм аидеологцәа хадақәа иреиуоуп ҳәа иԥхьаӡоуп.[140]

Ихадароу астатиа: Аекзистенциализм

Аекзистенциализм, Шопенгауери Кьеркегори рҟынтә иҳәаз,Гегель ифолософиа иалкаау аспектқәак акритика рзура шьҭрала иҵаулаӡоуп. Ари ахырхарҭа афилософиа раԥхьа иргыланы ауаҩы имаҵ аурахьы аиагара шхымԥадатәиу шьақәнарӷәӷәоит, афилософиа ауаа адунеи уадаҩу иахьану рхеиқәырхараҿы ирыцхраалароуп. Ари аспект ала аекзистенциализм апрагматизм иақәҿнаҭуеит, амала, апрагматизм иаҷыданы, аекзистенциализм адунеи аҵакыдареи ауаҩы иррационалреи, ари адунеии иареи иааиԥмырҟьаӡакәа аимак змоуи, иара убасгьы аекзистенциалтә кризис аҟазаареи шьақәнарӷәӷәоит. Уи иахҟьаны ауаа аҩныҵҟатәи аҭацәреи агәҭынчымреи рныруеит. XX ашәышықәса зегь реиҳа еицырдыруа аекзистенциалист Жан-Поль Сартр атеистс даныҟаз игәы иаанагон Анцәа иҟамзаара «ауаҩы ахақәиҭра иқәнаҵоит», иазԥхьагәаҭоу ахықәкы имамкәа аҟазаара, дарбанзаалак ауаҩы ихала, ҭакԥхықәрала иалихлароуп иҟазаара аҵаки ихәшьаратә системеи ҳәа. Аекзистенциалистцәа рахь иԥхьаӡоуп ауаҩы иҩнуҵҟатәи иҭацәреи игәҭынчымреи рыпроблематика зҩымҭақәа рҿы иазааҭгыло ашәҟәыҩҩцәа аӡәырҩы, раԥхьа иргыланы Камиу, Достоевски, Кафка, Беккет.[141][142]

Асемиотикеи аструктурализми

[аредакциазура | акод аредакциазура]
Соссиур иҩымҭақәа реизга
Ихадароу астатиа: Асемиотика

Асемиотика – ари иааҳакәыршаны иҟоу адунеи аҿы адыргақәа алызкаауа, урҭ рҵаки реимадареи ҭызҵаауа маҭәаруп. Асемиотика аелементқәа Платони Аристотели русумҭақәа иргәылоуп. Ҳаамҭазтәи асемиотика цәырҵит аналитикатә традициа аҩнуҵҟа: уи Џьон Локк ишьақәиргылеит, афилософ Чарльз Пирс аконцептуализациа азиуит. Аха, иахьатәи аамҭазы еиҳа аҿиара аиуит абызшәадырҩы Фердинанд де Соссиур иҳәаақәҵараҿы аконтиненталтә традициа асемиотика, ауаажәларратә ԥсҭазаараҿы адыргақәа рроль ҭызҵаауа маҭәарк аҳасабала. Ҳаамҭазтәи асемиотикатә ҭҵаарақәа рӷьырак антропологиеи абызшәадырреи рҳәаа иҭагӡаны имҩаԥысуеит. Аструктуралистцәа ргәы иаанагон, адыргақәа раԥхьа иргыланы культурак абызшәаҿы ианалукаауа, идуу, иҵаулоу "аструктурақәа" алукаар алшоит ҳәа. Ари аҭҵаарақәа рхырхарҭа «аструктурализм» ҳәа ахьӡ аиуит, аиҳарак Леви-Стросс иусумҭақәа ирыдҳәалоуп, уи ари аметод антропологиатә ҭҵаарақәа рҿы ихы иаирхәеит.[143][144]

Апостструктурализм

[аредакциазура | акод аредакциазура]
Ихадароу астатиа: Апостструктурализм

Аилкаара «апостструктурализм» хадаратәла изыдҳәалоу афранцыз философцәа Жак Деррида, Мишель Фуко, Жиль Делез, Жан Франсуа Лиотар, Жак Лакан рыхьӡқәа роуп. Ахьӡ "апостструктурализм" Деррида иусумҭақәа рҿы еиҳа аргама иаарԥшу аструктурализм акритика азура аҵанакуеит. Апостструктурализм афилософиа атекстқәа инҭкааны реилкаареи рҳәаақәҵареи шзалымшо, ус анакәха, аструктуратә бызшәадыррагьы ҵакы шамам аҵанакуеит. Деррида идеконструкциа аметод иаанарԥшуеит астереотипқәа (апориақәа) раарԥшра иарбан текстзаалак аҿы, урҭ заа идырны аҵакы ианыруеит. Деррида ирылаиҳәоит шьаҭанкылатәи атезис: зегьы адискурс (атекст) ауп, уа аханатә иарбоуп иарбанзаалак афилософиатә позициа, атекст акәзар хьаҳәа-ԥаҳәада аилыркаара залыршахом.[145] Фуко еиҳа имаҷны арадикалтә дунеихәаԥшышьақәа дрықәныҟәон: асоциалтәи агуманитартәи ҭҵаарадыррақәа рҿы аинтерпретациа иаша шыҟоу ҩашьомызт, мамзаргьы, асоциалтәи аԥсабаратәи ҭҵаарадыррақәа фундаменталла еиуеиԥшым аԥсабара рымоуп ҳәа иԥхьаӡон. Агуманитартә дырреи ауаажәларратә ԥсҭазаареи рыҿиараҿы ибон еиуеиԥшым астереотипқәа злоу адискурсқәа (аепистемақәа) рыԥсахра, урҭ аамҭала ахәыцра рнапаҿы иааргоит.[146]

Аконтиненталтә традициаҿы аҭҵаарадырра афилософиа

[аредакциазура | акод аредакциазура]

XX ашәышықәса аҽеиҩшамҭанӡа аконтиненталтәи аналитикатәи традициақәа рҿы анаука афилософиа еицҿакны иҿион. Иаагозар, атрадициақәа рыҩбагьы рфилософцәа Едмунд Гуссерль аматематика афилософиаҿы илагала акраҵанакуеит ҳәа ирԥхьаӡоит. 1960-тәи ашықәсқәа рзы апостструктурализм аҿиарала аҭҵаарадырра аконтиненталтә философиа аналитикатә традициа акыр еиԥшымхо иалагеит. Ҳаамҭазтәи аконтиненталтә традициаҿы аԥыжәара амоуп аҭҵаарадырратә дырра арелиативизм агәаанагара. Аконтиненталтә философцәа аӡәырҩы апарадигмақәа рыԥсахра адискурсқәа рыԥсахра амода аныррала ауп ишеилыркаауа, илабҿабатәу адырра зырҵауло процесск аҳасабала акәымкәа. Абасала, аконтиненталтә традициаҿы ирыдыркылеит еицырдыруа Кәын ишәҟәы «Аҭҵаарадырратә револиуциақәа реилазаашьа» арелиативисттә еилыркаара, Кәын ихаҭа ас еиԥш иҟоу аилыркаара мап шацәикуазгьы.[азгәаҭа 8] Аконтиненталтә философцәа гәыԥҩык, иаагозар, Бруно Латури Пол Феиерабенди аҭҵаарадырратә теориақәа социалла еибыҭоуп, илабҿабатәу адырра иадҳәалам ҳәа ирԥхьаӡоит.[147][148] Ари апозициа «аепистемологиатә анархизм» ҳәа ахьӡ аиуит.[149]

Аналитикатә философиа

[аредакциазура | акод аредакциазура]
Ихадароу астатиа: Аналитикатә философиа

Аконтиненталтә философиа иаҷыданы аналитикатә философиа ҳәаақәнаҵоит ахырхарҭақәеи аконцепциақәеи рыла акәымкәа, азнеишьеи аметодқәеи рыла. Еиҳа инарҭбааны, аналитикатә философиа философиатә усурак аҳасабала ишьақәдыргылоит, уи аҵакы ма хымԥада логикала, мамзаргьы иааҳакәыршаны иҟоу адунеи амадара ашьақәырӷәӷәара алшоит. Иаагозар, аналитикатә философиа аҳәаақәа ирҭагӡаны аҵакы амоуп ма аемпирикатә мҩала теориала игәоуҭаша ашьақәырӷәӷәарақәа рымацара рылацәажәара, мамзаргьы ас еиԥш иҟоу ашьақәырӷәӷәарақәа еиуеиԥшым рлогикатә лҵшәақәа рылацәажәара. Аналитикатә философиа, абасала, аҭҵаарадырратә усура иазааигәахоит. Абас инарҭбааны аналитикатә философиа иаҵанакуеит апрагматизми, ҳәаақәҵарақәак рҿы, Гуссерль ифеноменологиеи. Еиҳа иҭшәоу аҵакала аналитикатә философиа шьақәдыргылоит XX ашәышықәса алагамҭазы Рассели Мури иқәдыргылаз хыхь изыхцәажәоу ахықәкы анагӡаразы аметодқәа реизак аҳасабала, урҭ рахь раԥхьа иргыланы иаҵанакуеит аматематикатә логика аиӷьтәреи абызшәадырратә анализ џьбареи, «абжьааԥнытәи абызшәа афилософиа» ҳәа изышьҭоу.[150][азгәаҭа 9][151][152]

Аналитикатә философиа акритика

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Аналитикатә философиа акритика азыруеит х-шьаҭак рыла: аметодологиа мыцхәы аҭшәахаразы, амаҭәар мыцхәы аҭшәаразы, уи иамоу аредукционизм азы. Актәи аан акритика обиектны иҟалоит асциентизм, аҭҵаарадырратә хәыцра идеалтәуп ҳәа агәаанагара, уи ашьҭалара аҽазышәарақәа. Аҩбатәи аан аналитикатә философиа уажәтәи апрактика ҵаҵӷәыс иганы акритикцәа азхьаԥшра арҭоит иҟалар зылшо аметодқәа ахьмаҷу инамаданы аналитикатә философиа де-факто ацҵа алимит шазнауа аепистемологиа азҵаарақәа, аҭҵаарадырра афилософиа, ахдырра афилософиа, абызшәа афилософиа, аетика аспектқәак рыла. Аметафизикатә зҵаарақәа, аԥсҭазаара аҵакы иадҳәалоу азҵаарақәа уажәтәи аналитикатә философиаҿы анализ иалшәоит. Ахԥатәи ашьаҭала акритика иазгәанаҭоит аналитикатә философиа аҳәаақәа ирҭагӡаны, ииашоу аҭҵаарадыррақәа рҿы еиԥш, аметодқәа зегьы аредукционизм, азҵаарақәа еиҳа ихатәу ҳәа реихшара ишазку, убри ала ахолизм, акзаара афилософиа азы аҭыԥ шаанымхо.[153][154][150]

Ихадароу астатиа: Апрагматизм

Апрагматизм – америкатәи философиатә традициоуп, хадаратәла Чарльз Пирс, Уилиам Џьеимс, Џьон Диуи русумҭақәа ирыдҳәалоуп. Апрагматизм афилософиа аметафизика аҵакы мап ацәнакуеит, адырра хырхарҭак аҿы аиаша ари аусхк ҭызҵаауа ауаа рыбжьара аамҭалатәи консенсуск аҳасабала еиҭаҳәоуп. Апрагматизм афилософиа аҵабыргқәа рыԥшаара иаҿӡам, еиуеиԥшым аконцепциақәа критикала анализ рызнауеит урҭ рыманшәалареи рхархәареи рзы. Афилософиатә концепциақәа, абасала, апрагматизм аҳәаақәа ирҭагӡаны лассы-лассы ауаатәыҩса русура иазку мыругақәаны иахәаԥшуеит. Ари аҩыза азнеишьа иахьӡуп «аинструментализм». Уи инақәыршәаны, апрагматистцәа лассы-лассы даара ахархәаратә зҵаарақәа ирҿуп. Иаҳҳәап, Џьон Диуи деицырдыруеит аҵарадырра афилософиаҿы илагалала.[155]

XIX ашәышықәса нҵәаанӡа алогика Аристотель иаамҭа инаиркны ԥсахрада иаанхон, насгьы алогика аиӷьтәра залыршахом ҳәа агәаанагара ыҟан. Иаагозар, Кант ишьақәирӷәӷәон Аристотель илогика наӡоуп ҳәа. Аха XIX ашәышықәса азбжазы ицәырҵит алогика аҿиараҿы алшарақәа аазыртуа Булиеи де Моргани рыҭҵаарақәа, XIX, XX ашәышықәсақәа рҳәааҿы ихьыԥшымкәа анемец математик Готлоб Фрегеии, аналитикатә традициа англыз философцәа Бертран Рассели Альфред Уаитхеди иркьыԥхьит акырӡа инаӡоу, афункционалтә логикатә системақәа шьаҭас ироуз аҭҵаарақәа: апредикатқәа рлогикеи амодалтә логикеи. Арҭ алҵшәақәа иалдыршеит аАматематика ксиоматизациа акыр аиӷьтәра, иара убас Курт Гедель иҭҵаарақәа хыҵхырҭас ироуит, урҭ хыркәшахеит ахарҭәааразы атеорема ашьақәырӷәӷәарала – ахәшьарақәа жәпакы рыла, Аристотель инаиркны алогика аганахьала зегь реиҳа ихадоу алҵшәа. Гедель ихарҭәаам азы итеорема аепистемологиатә система – аҭҵаарадырратәи афилософиатәи ԥкра дуқәа анаҭоит. Алогика аҿиараҿы ақәҿиарақәа, аналитикатә философиа иарҭеит анализ амыруга ҿыцқәа.[124]

Ихадароу астатиа: Апозитивизм

Апозитивизм аидеиа, ауаажәларратә ҭҵаарадыррақәа зегьы, афилософиагьы налаҵаны, аҭҵаарадырра иашақәа рыла иԥсаххоит ҳәа агәаанагара шьақәиргылеит XIX ашәышықәса алагамҭазы Огиуст Контом. Аналитикатә философиа алогика-математикатә знеишьа ашыкьымҭа аҟынӡа инаӡеит аматематикцәеи еицырдыруа афилософцәеи ахьаҵанакуаз Венатәи акружок аиԥыларақәа раан, Карл Поппери аҵаҩы Рассели, Лиудвиг Витгенштеини налаҵаны. Акружок аусура иалҵшәаны ишьақәнаргылеит афилософиа аганахь ала адоктрина «анеопозитивизм» ма «алогикатә позитивизм», афилософиаҿы, иарбан ҳәамҭазаалак, агәаҭара акритери иақәшәозароуп. Ари аҩыза азнеишьа иахьӡуп «аверификационизм». Аха аверификационизм афилософиа адкыларазы илҵшәадоу аҽазышәарақәа акыр рнаҩс алогикатә позитивизм ацашьа ԥсыҽхеит. Алогикатә позитивизм хра аманы ишыҟоу азы агәыҩбара дуқәа ааирԥшит Уиллард Куаин иусумҭақәа рҿы. Уаанӡатәи ипозициа мап ацәикит Витгенштеингьы.[156][157]

Аҭҵаарадырра а афилософиа аналитикатә традициаҿы

[аредакциазура | акод аредакциазура]

аналитикатә философиаҿы аҭҵаара ахырхарҭа дуқәа ируакуп, аконтиненталтәи аналитикатәи философиа азнеишьақәа реиԥшымзаара иналукааша ҿырԥштәуп. Аҭҵаарадырра аналитикатә философиа ааидкыланы азҵаарақәа рҭак аҟаҵара аҽазнашәоит: "избан аҭҵаарадырратә метод аус зауа?", "аус шԥеиуеи?", убри аан аҭҵаарадырра аконтиненталтә философиа аҭҵаарадырратә метод аус шамуа аилыркаара ҟанаҵоит. Аналитикатә традициа зегь реиҳа еицырдыруа афилософцәа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп атерминқәа «аҭҵаарадырратә револиуциа», «апарадигма», «апарадигмақәа рыԥсахра» ахархәара иалазгалаз Томас Кун, аҭҵаарадырратә теориақәа реицакра акритери аргама ишьақәзыргылаз Карл Поппер, аматематикатә логика аҿиараҿы илагалеи аэмпиризм апринципқәа еиҳа иџьбароу рҳәашьеи рыла еицырдыруа Уиллард Куаин. Карл Поппер иара убасгьы ихы иаирхәон ауаажәларратә системақәа афальсификациа акритери, иаҳҳәап, еицырдыруа ишәҟәы «Иаарту ауаажәларреи уи аӷацәеи» аҟны. Аҭҵаарадырра афилософиаҿы азҵаарақәа жәпакы аартны иаанхоит, иахьатәи аамҭазы инарҭбааны иалацәажәоит алитература ҷыдаҿы.[124]

Абызшәа афилософиеи ахдырра афилософиеи

[аредакциазура | акод аредакциазура]
Ихадароу астатиа: Абызшәа афилософиа

Аналитикатә философиа раԥхьатәи аконцептуализациа аҳәаақәа ирҭагӡаны афилософцәа аӡәырҩы XX ашәышықәса актәи азбжазы ахшыҩзышьҭра ду арҭеит абызшәа афилософиа. Фрегегьы Расселгьы аматематикатә логика аус адулара апроцесс аан ирылацәажәон аҵаки абызшәатә ҳәашьеи реимадара азҵаарақәа. Абызшәа аҵакы имариаӡоу ахәҭаҷқәа ирмаҷны аус зыдулаз алогикатә аппарат адҳәалара аҽазышәарақәа мҩаԥган. Абызшәа афилософиа аҿиараҿы рлагала дууп Џьон Серль, Альфред Тарски, Дональд Девидсон, аха абызшәадырра ҭҵаарадырра иашаны аҟаҵара залмыршахеит. Уи ахаҭыԥан иаарԥшын аредукциа абызшәақәа рзы ахархәара иазку аскептицизм аҵаҵӷәқәа.[124]

Абызшәа афилософиа аганахьала аҭҵаарақәа шымҩаԥысуагьы, XX ашәышықәса аҩбатәи азбжа инаркны аналитикатә традициаҿы азҿлымҳара ахдырра афилософиа аганахь ииасит. Ахдырра афилософиа хадаратәла ахдырра аԥсабара ахаҭа аилкаара аҽазнашәоит, ифилософцәам аӡәырҩы, абиологцәа, апсихологцәа, иԥсабаратәым аинтеллект аганахьала азанааҭуаа налаҵаны, иара убри ахырхарҭала аус руеит, доусы рпарадигма аҳәаақәа ирҭагӡаны. Афилософиатә хәаԥшышьала, ахдырра иазку азҵаара хада Декарт ишьақәиргылаз адуализм апринцип ахырқьиара иадҳәалоуп. Адгьыл аҿы иҟоу ауаа реиҳараҩык агәра ргоит ари апринцип, аматериалтә цәеижь шыҟоу, насгьы ма ауаҩытәыҩсатә хдырра зегьы, ма уи ахәҭа, материалтәым, иаагозар, «аԥсы». Иара убри аан аҭҵааҩцәа аӡәырҩы аиԥшзаара атеориа иқәныҟәоит, ԥсихикатә ҭагылазаашьацыԥхьаӡа ауаҩы ихшыбаҩ цәала-жьыла ҭагылазаашьак иақәшәоит ҳәа агәаанагара рымоуп. Ахдырра афилософиаҿы злагалала еицырдыруа афилософцәа иреиуоуп Хилари Патнам, Роџьер Пенроуз, Дениел Деннет уҳәа.[124]

Акосмизм, атрансгуманизм

[аредакциазура | акод аредакциазура]
Акосмизм апринципқәа зныԥшуа Циолковски ишәҟәы
Ихадароу астатиа: Акосмизм

XIX ашәышықәса анҵәамҭеи XX ашәышықәса алагамҭеи рзы ицәырҵыз ауаатәыҩса ԥхьаҟатәи рыҿиара иалацәажәоит ахшыҩ абиологиатә ԥкрақәа рҟынтәи ахақәиҭтәра (даҽакала иуҳәозар, ԥсра зқәым аиура) аконтекст ала, насгьы ауаҩы мчыла Адгьыл аҿы иҟазаара – акосмос аҿы анырхара аҟынтәи ихы иақәиҭтәра аконтекст ала. Афилософиатә хәаԥшышьала, аконтекстқәа рыҩбагьы аеволиуциа атеориа азеиԥштәра иадырҳәалоит: актәи аан ауаҩы» аметаеволиуциа ҟаиҵоит "– ихала ихы иԥсахуеит, еиҳа инаӡоу биологиатә ма биотехногентә хкны иҟаиҵоит, аҩбатәи аан аеволиуциа аусура аҭыԥ хадырҭәаауеит адгьылтә еволиуциа иадҳәалам аҭыԥ ҿыц – акосмос ала. Аҩҭагылазаашьак рҿы иаҵанакуеит аеволиуциа ауаҩы напхгара зиҭо афаза ҿыц ахь аиасра. Раԥхьа акосмизм апринципқәа шьақәиргылеит америкатәи афилософ Џьон Фиске, аха акосмизм зегь реиҳа аҿиара аиуит раԥхьа Урыстәыла. Урыстәыла акосмизм зегьы раԥхьа иргыланы И. Вернадски, К. Ҳ. Циолковски, Н. Ф. Фиодоров, А. Л. Чижевски уҳәа рыхьӡқәа ирыдҳәалоуп.[158][159][160]

XX ашәышықәса аҩбатәи азбжа инаркны адунеи аҿы акосмизм аӡбахә рҳәоит «атрансгуманизм» ҳәа. Атрансгуманизм акосмизм еиԥш аҳасабтәқәа ықәнаргылоит, аха еиҳа ахшыҩзышьҭра анаҭоит ауаҩы ихаҭа иҽеиҭакра.[161] Абиологиатә ҭҵаарадыррақәеи иԥсабаратәым аинтеллекти рыҿиара иадҳәалоу атехнологиа ҿыцқәа рконтекст ала атрансгуманизм ҳаамҭазы алацәажәара еиҳа хра аманы иҟалоит.[162] Акосмизми атрансгуманизми ирыҵаркуеит аҭҵаарадырра-техникатә прогресс ахәарҭареи асциентизми, иазыԥшуп аҭҵаарадырра атриумф ауаҩы зегь реиҳа иԥынгыла хада – иԥсра аҿаԥхьа.[161] Акосмизми атрансгуманизми рфилософиа ашьақәгылара иаҿуп, аконтиненталтә Европа акосмизм аидеологиа агәаанагарақәа еилаԥсоуп.[160] Атрансгуманизм акритика азыруеит узқәымгәыӷуа асоциалтә хҟьаԥҟьақәа ирыхҟьаны, уи аҵыхәтәантәи аалыҵ ауаҩ ду Ницше идҳәалоуп.[163][164] Абжьаратә позициа атрансгуманизм адекларациа азнауеит «даара ишәарҭоу процессны», аха «иҟалар зылшо иреиӷьу», хырԥашьа змам акәзар акәхап.[165][166]

Афилософиа Урыстәыла

[аредакциазура | акод аредакциазура]
Урыстәыла ауаажәларратә зҵаара хадақәа шьақәзыргылаз, еицырдыруа афилософиатә романқәа: Герцен «Изхарада?», Чернышевски «Иҟаҵатәузеи?"
Кропоткин илекциеи (Англиа, 1900 ш.) Бакунин иусумҭақәа рыԥхьареи рӡыргаратә проспектқәа (ЕАА, 1975 ш.)
Ихадароу астатиа: Аурыс философиа

«Аурыс философиа» иаҵанакыр алшоит аурыс культура аҩныҵҟа иҿио амилаҭтә философиа ҷыда еиԥш, Урыстәыла аҵакыраҿы инхоз еиуеиԥшым афилософцәа русура ааидкыланы, аҭоурыхтә контекст ала – Урыстәылатәи аимпериеи СССР-и зегьы рҵакыраҿы.[167] Араҟа азҵаара иахәаԥшуеит аҩбатәи, еиҳа инарҭбаау аилкаарала.[168]

Афилософиатә рҿиара Урыстәыла иалагоит XVIII ашәышықәса аҽеиҩшамҭа инаркны. Пиотр I иреформақәа ҟалаанӡа Урыстәылатәи аҳәынҭқарра антикатә философиа аҭынха еиԥш мраҭашәаратәи афилософиа аҭынхагьы иаҿыган. XVIII ашәышықәса аҽеиҩшамҭанӡа аурыс ҭоурых аамҭа зегьы зны-зынла «аурыс философиахь алагала» ҳәа иашьҭоуп.[169] XVIII ашәышықәсазы Киев-могилиантәи академиа инаркны Урыстәыла иалалоит адунеитә философиа аҭынха, академиа аушьҭымҭацәа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп раԥхьатәи урыстәылатәи афилософцәа: Феофан Прокоп-иԥеи Григори Сковородеи.[170][171] Иласны иҿиауа, XIX ашәышықәсазы Урыстәыла афилософиа ԥхьаҟа ицоит, ишьақәнаргылоит зхала иҟоу афилософиатә хырхарҭақәа.[172] XIX ашәышықәса аҽеиҩшамҭа «аурыс философиа ахьтәы шәышықәса» ҳәа иԥхьаӡоуп, XIX ашәышықәса анҵәамҭеи XX ашәышықәса алагамҭеи — «аурыс философиа араӡны шәышықәса» ҳәа иԥхьаӡоуп.[173][168]

Урыстәыла афилософиа актәи аҟазшьа ҷыда, иара акыр ихьшәаны ашьақәгылароуп, уи Европа еиԥш антикатә философиа иаҿырԥшны акәымкәа, мраҭашәаратәи афилософиа ишазыҟоу ала. Афилософиа Урыстәыла иалалоит Аамҭа ҿыц афилософиа иазҷыдароу асекулиаризациа аидеиақәа инарываргыланы, ирласны ицәырнагоит аурыс философцәа ҩ-лагеркны реихшара: арҭ аидеиақәа еиҟәызшо «мраҭашәарааи» «аславианофилцәеи», урҭ ааԥхьара ҟарҵоит иҷыдоу аурыс, раԥхьа иргыланы аиашахаҵаратә традициақәа ирықәныҟәаларц. Ари аиҟәыҭхара XIX ашәышықәса зегьы иазҷыдаран, насгьы аҳәынҭқарра аиҿагылара иалахәын, «аҿагыларатә хәыцрақәа» ацензура рзуны, иргәамԥхоз афилософцәа Сибраҟа иахго. Мраҭашәараа рахь, иаагозар, иаҵанакуан П. И. Чаадаев, М. А. Бакунин, А.И. Герцен, Н. Г. Чернышевски, В. Г. Белински, Н. В. Станкевич, Т. Грановски, Н. П. Огариов, В. П. Боткин, Е. Ф. Корш, аславианофилцәа рахь – А. С. Хомиаков, И. В. Киреевски, В. С. Соловиов, К. С. Аксаков, Иу. Ф. Самарин.[174][175][176]

Урыстәыла афилософиа аҩбатәи иаҟазшьарбагоу ҷыдароуп антропоцентризмра. Урыстәыла афилософцәа рырҿиараҿы – ауаҩы, илахьынҵеи ихақәиҭреи, иԥсҭазаара аҵаки ртема ауп. Ауаҩы ихақәиҭра азҵаарақәа ҷыдала актуалра рыман XVIII—XIX ашә. Убри аҟынтә урыстәылатәи афилософиаҿы аэтика, аполитикатә философиа, аҭоурых афилософиа, адин афилософиа акыр аԥыжәара рымоуп аметафизика, аепистемологиа уҳәа ирызку аҭҵаамҭақәа раасҭа. Абри аҵакала Урыстәыла афилософиа – ареалисттә еиԥш аутопиатә философиагьы – еснагь прагматикатәуп, лассы-лассы адунеи аԥсахра агәҭакқәа ирыдҳәалоуп. Убри аҟынтәи машәыршақә иҟамлаӡеит урыстәылатәи афилософиатә дискурс аҿы асоциалтә практика иазааигәоу атеориақәа аԥыжәара ахьрымоу, иаагозар, амарксизм ма аанархизм реиԥш иҟоу.[168][177]

XIX ашәышықәса анҵәамҭеи XX ашәышықәса алагамҭеи рзы Урыстәыла афилософцәа адунеи зегьы аҿы иубартә еиԥш еиуеиԥшым афилософиатә хырхарҭақәа рҿы рлагала ҟарҵоит. Раԥхьа иргыланы уи иаҵанакуеит анархизм (М. А.Бакунин, П. А. Кропоткин), амарксизм (Г. В. Плеханов), акосмизм (В. И. Вернадски, К. Ҳ. Циолковски, Н. Ф. Фиодоров).[168] 1918-1922 шш. аурыс философцәа рӷьырак Ҟрымҟа ииасуеит, уаҟа Тавриатәи ауниверситет арҵаҩцәас иҟалоит. XX ашәышықәса 30-тәи ашықәсқәа рзы «аҭҵаарадырратә коммунизм» адогматизациа азуны Урыстәыла (СССР) афилософиа аҿиара аанкылахоит, афилософцәа аӡәырҩы шьын ма абахҭатә лагерқәа ирҭакын. «Хрушьчовтәи аԥхарра» ацензура маҷк аԥсыҿхара шаанагазгьы, М.К. Мамардашвилии Ҳ. В. Ильенкови реиԥш иҟоу афилософцәа шьақәгылартәы алшара шрырҭазгьы, Урыстәыла афилософиа ишахәҭоу аҿиара еиҭахацыркхаӡом СССР еилаҳаанӡа. Иахьатәи аамҭазы Урыстәыла афилософиа адырҵара, мамзаргьы еиуеиԥшым афилософиатә дунеихәаԥшышьақәа ркьыԥхьра аҳәынҭкарра иԥнакуам.[178]

Афилософиеи ауаажәларреи

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Абжьааԥнытәи аԥсҭазаараҿы афилософцәеи афилософиеи разыҟазаашьа еснагь иҵоурам, афилософиа амаҭәар аилкаара иагәылоуп имцу агәаанагарақәа рацәаны.[179] Иаагозар, аурыс бызшәаҿы ажәа «афилософиара» иҵоурам ацәаԥштәхәы амоуп: «иҟәыӷацәаны ҵаҵӷәыда ахәыцра».[180] Убри инаваргыланы афилософиа ауаажәларра ирнаҭо анырра ахә ашьара уадаҩуп.[181]

Ганкахьала, афилософиа аҵара ауаҩы хра злоу анырра анаҭоит, насгьы аиашареи ақьиареи рахь аориентациа ашьақәгылара иацхраауеит. Афилософиа адырра ауаҩы «есыҽнытәи ахәыцра ҭшәа» аҟынтә деиқәнархоит, насгьы егьырҭ ауааи иареи еицырзеиԥшу бызшәак рыԥшаараҿы ицхраауеит[182]. Арбагақәак рыла, афилософиа аҵара егьырҭ асубъектқәа зегьы раасҭа ахәыцра еиҳа еиӷьны еизнарҳауеит. Иаҳҳәап, еицырдыруа англыз журнал «The Economist» имҩаԥнагаз аҭҵаара иаанарԥшит афилософиа афакультетқәа залгаз абакалаврцәа иҷыдоу амедицинатә школқәеи, азакәантә школқәеи, абизнес-школқәеи рҭаларазы стандарттә тестқәа рҿы абжьаратәи абаллқәа рыла аԥхьагылара шроуа[183].

Даҽа ганкахьала, афилософиа ауаҩытәыҩсатә уаажәларрақәа анырра ду рнаҭоит. Иаагозар, Конфуциеи Лао-цзи рфилософиатә концепциақәа азқьышықәсақәа рзы Китаи аҿиара азԥхьагәарҭеит. Аибашьрақәеи ареволиуциақәеи бџьарла акәымкәа философиала иалагоит.[181] Иаагозар, амарксизм афилософиа аларҵәара Урыстәыла ареволиуциа ахылҿиааит 1917 шықәса рзы, афранцыз ҵаралашара афилософиа афранцыз Револиуциа Ду ахылҿиааит, иара убри афилософиа ашьаҭала ишьақәыргылан Америка Еиду Аштатқәа.

Афилософиа аҳаҭыр азы, 1882 шықәса нанҳәа 12 рзы афранцыз астрономцәа Полеми Анри Проспери иаадыртыз астероид (227) Афилософиа ҳәа ахьӡ ахҵан.[184]

  1. Афилософиа зны-зынла «аҭҵаарадырра» ҳәа изашьҭоу иазкны зынӡа еиуеиԥшым мзызқәак ыҟоуп. Акы, философцәақәак рхала рфилософиатә теориақәа «аҭҵаарадырраа» ҳәа изырҳәон, уи алагьы урҭ риашара ма рҵакы ду наҵшьны иазгәарҭон. Иаагозар, Гуссерль ифеноменологиа ус азиҳәон. Ус шакәызгьы аретроспективаҿы иара ҭҵаарадыррак аҳасабала астатус азеиԥш зхаҵара амоуит. (Шәахә. Moore, Bruder, 2005, 174—175.; Singer, 2001, 87—88.) Ҩбагьы, аполитикатә мзызқәа ҟалар алшоит еиҳа ихәарҭоу афилософиатә хырхарҭа иҵаҵӷәырку аҭҵаарадырра «астатус ҳаракы» аҭаразы. Ихԥахаз, афилософиа ахырхарҭақәак рҿы, лымкаала аналитикатә философиаҿы, иаагозар алогикатә позитивизм аҳәаақәа ирҭагӡаны, афилософиа аамҭа цацыԥхьаӡа ҭҵаарадырра иашаны иҿиароуп ҳәа агәаанагара ыҟоуп. Аҵыхәтәан, аԥшьбатәи, афилософиа иалкаау ахәҭақәа, иаагозар алогика, аҭҵаарадырра аҷыдарақәа зегьы рымоуп. (Шәахә. Алексеев, Панин, 2005, Глава IV, §1 и §6.)
  2. Иаагозар, ажәытә индиатәи афилософиаҿы ас еиԥш х-хәҭакны еилоу асиллогизм алкаамызт.
  3. «The safest general characterization of the European philosophical tradition is that it consists of a series of footnotes to Plato.»Alfred North Whitehead. Process and reality: an essay in cosmology. — 2nd edition. — New York: Free Press, 1978. — С. 39. — 413 с. — ISBN 0029345804.
  4. Аристотель иҵаҩцәа алекциақәа дырзаԥхьон, дрыцны адәахьы длеиҩеиуа. Ажәа «аперипатетикақәа» ажә. бырз. περιπατέω — «алеиҩеира» аҟынтәи иаауеит.
  5. Агәаанагарақәа руак инақәыршәаны индиатәи ажәа «афилософиа» иавариантны иҟоуп атермин «даршана» (асанс. दर्शन, «абара»). Шәахә. Oxford, 2005, 428. Уи иазку альтернативтә гәаанагара инақәыршәаны ус иҟоу терминуп «анвикшики» (ānvīkṣikī, «аҭҵаара») Шәахә. Шохин, 2004, 241, 251—254.
  6. Ари Рассел ипассаж ишәҟәы аурыс еиҭагақәа реиҳарак рҿы иҟаӡам, избанзар асовет цензура иамнахит. Шәахә. аоригиналтә текст, иаагозар, аҭыжьымҭаҿы: Bertrand Russell. The History of Western Philosophy. — New York: Simon & Schuster Inc., 1972. — С. 642—643. — 896 с. — ISBN 0-671-20158-1..
  7. Маркс, амала, Урыстәыла ишыҟалаз еиԥш, мчыла амчра ампыҵахалара мап ацәикуан. Ареволиуциа ԥсабарала иҟалоит ҳәа игәы иаанагон. (Singer, 2001, 79.)
  8. 1960-тәи ашықәсқәа рзы зыӡбахә рымаз, акритика ззыруаз ишәҟәы еиуеиԥшым арелиативисттә еилыркаарақәа рҭакс, Кәын ишәҟәы аҩбатәи аҭыжьымҭа апостскриптум ациҵеит, уаҟа аргама идыԥхьаӡалаз арелиативизм мап ацәикит, «аҭҵаарадырра-техникатә прогресс дадгылаҩуп» ҳәа ихы иазиҳәеит. (Шәахә. Thomas S. Kuhn. The Structure of Scientific Revolutions. — 3rd edition. — Chicago: University of Chicago Press, 1996. — С. 206. — 212 с. — ISBN 0-226-45808-3., иара убас Problems in the philosophy of science. International Colloquium in the Philosophy of Science (1965, Bedford College) / Imre Lakatos, Alan Musgrave. — Amsterdam: North-Holland Pub. Co., 1968. — С. 231. — 448 с.)
  9. Аха ус шакәугьы иҭҵаарадырраны иҟам, иаагозар, иааиԥмырҟьаӡакәа ахы аганахь ала анаԥшҩы ипозициа ахьааннакыло инамаданы. Уи адагьы, аналитикатә философиа аҳәаақәа ирҭагӡаны алогикатә позитивизм ахырхарҭа акәын афилософиаҿы аҭҵаарадырратә метод мацара ахархәара рыдызгалоз. (Шәахә. Алексеев, Панин, 2005, Главы IV и XII., иара убас Moore, Bruder, 2005, 218—219.)
  1. D. Bob Gowin, Marino C. Alvarez. The Art of Educating with V Diagrams. — Cambridge University Press, 2005. — С. 52. — 231 с. — ISBN 052184343X.
  2. Moore, Bruder, 2005, 2—6.
  3. 3,0 3,1 Спиркин, 1977.
  4. Философия Архив ҟаҵан 2010-12-18 азы Wayback Machine аҟны. // Кругосвет
  5. Философия Архив ҟаҵан 2016-04-10 азы Wayback Machine аҟны. // Новейший философский словарь. / Гл. ред. А. А. Грицанов. — 3-е изд., исправл. — Мн.: Книжный Дом. 2003.— 1280 с. — (Мир энциклопедий).
  6. Philosophy // Philosophy Dictionary; Philosophy Архив ҟаҵан 2014-11-02 азы Wayback Machine аҟны. // Columbia Encyclopedia
  7. Diels, H. (2010) Griechische Philosophie: Vorlesungsmitschrift aus dem Wintersemester 1897/98. Stuttgart.
  8. 8,0 8,1 8,2 Craig, 2005.
  9. 9,0 9,1 9,2 9,3 Audi, 2006.
  10. См., например: Данильян О. Г., Тараненко Е. М. ФИЛОСОФИЯ[permanent анеишьа амам азхьарԥш][анеишьа амам азхьарԥш]. — М.: ЭКСМО, 2005. — С. 12—14. — ISBN 5-699-08775-3.
  11. "Философия в Новой философской энциклопедии". Иархивтәоу аоригиналзы 2018-11-12 ахь. Ириашоу 2022-08-21 шықәсазы.
  12. 12,0 12,1 Oxford, 2005, 702.
  13. Moore, Bruder, 2005, 394—395.
  14. Gasché, 2006, 12—13.
  15. 15,0 15,1 Росенко, 1999, § 3.
  16. Moore, Bruder, 2005, 2.
  17. "За гносеологической схоластикой эмпириокритицизма… — Деловой этикет". Архивтәра аоригиналзы шықәсазы 2014-04-07 ахь. Ириашоу 2014-04-06 шықәсазы.
  18. Moore, Bruder, 2005, 10—11.
  19. Метафизика 1025 b25
  20. "Журнальный зал | НЛО, 2001 N49 | АНДРЕЙ РОССИУС — Что находят в Фуко антиковеды?". Иархивтәоу аоригиналзы 2016-04-25 ахь. Ириашоу 2022-08-21 шықәсазы.
  21. Oxford, 2005, 536—537.
  22. 22,0 22,1 Oxford, 2005, 590.
  23. Oxford, 2005, 593—597.
  24. 24,0 24,1 Oxford, 2005, 593.
  25. Kritzman, 2006, 93.
  26. Oxford, 2005, 260—265.
  27. Oxford, 2005, 990.
  28. Oxford, 2005, 589, 986.
  29. Oxford, 2005, 622—631.
  30. Oxford, 2005, 986—989.
  31. Giorgio Buccellati. Wisdom and Not: The Case of Mesopotamia // Journal of the American Oriental Society. — American Oriental Society, 1981. — Т. 101, № 1. — С. 35—47. — ISSN 0003-0279.
  32. [1] Архив ҟаҵан 2021-07-27 азы Wayback Machine аҟны.Армстронг — Истоки христианского богословия — богословие
  33. 33,0 33,1 Колесников, 1999, § 1.
  34. Popkin, 1999.
  35. Чанышев А. Н. Эгейская предфилософия. М., 1970. С. 198. с. 39 Архив ҟаҵан 2015-09-28 азы Wayback Machine аҟны.
  36. Шохин, 2007, 259—260.
  37. 37,0 37,1 37,2 Кобзев, 2010.
  38. Osborne, 2004, xv—xvii.
  39. 39,0 39,1 Robinson (Presocratics), 1999.
  40. Moore, Bruder, 2005, 20, 29—31.
  41. Moore, Bruder, 2005, 20.
  42. Osborne, 2004, 133—135.
  43. Russell, т.1, 1993, 93.
  44. Зайцев, 2010.
  45. Robinson (Sophists), 1999.
  46. Moore, Bruder, 2005, 35—37.
  47. Лосев, 1994.
  48. Асмус, 1975, 5.
  49. Moore, Bruder, 2005, 34.
  50. Лосев, Тахо-Годи, 2005, 179, 345.
  51. Moore, Bruder, 2005, 37.
  52. Лосев, Тахо-Годи, 2005, 164—165.
  53. Russell, т.1, 1993, 180—182.
  54. Oxford, 2005, 51.
  55. 55,0 55,1 Алексеев, Панин, 2005, Глава VII.
  56. 56,0 56,1 Фролова, 1998.
  57. Moore, Bruder, 2005, 64, 68—70.
  58. Moore, Bruder, 2005, 75—77.
  59. Moore, Bruder, 2005, 81—82.
  60. Moore, Bruder, 2005, 502—503, G17.
  61. Russell, т.1, 1993, 270—287.
  62. Moore, Bruder, 2005, 77—78.
  63. Oxford, 2005, 428.
  64. Шохин, 2007, 24, 33.
  65. Potter, 2006.
  66. Hamilton, 2001, 18—19.
  67. Шохин, 2007, 249—250.
  68. Шохин, 2007, 111—119.
  69. 69,0 69,1 Шохин, 2010.
  70. Шохин, 2007, 89.
  71. Oxford, 2005, 428—431.
  72. Зильберман, Пятигорский, 1972.
  73. Шохин, 2007, 256.
  74. Шохин, 2004, 237.
  75. Шохин, 2007, 259.
  76. Шохин, 2004, 242—246.
  77. Шохин, 2007, 260—261.
  78. Шохин, 2004, 242.
  79. Шохин, 2004, 254—255, 279.
  80. Шохин, 2004, 235, 254.
  81. Шохин, 2007, 262—264.
  82. 82,0 82,1 Wing-Tsit Chan, 2006.
  83. 83,0 83,1 Oxford, 2005, 137.
  84. Kohn, 2000, 4.
  85. Kwong-loi Shun, 2006.
  86. 86,0 86,1 86,2 Бурова, Титаренко, 1972.
  87. Bo Mou, 2006.
  88. Moore, Bruder, 2005, 77.
  89. Неретина, 2010.
  90. 1867, PL 145, p. 603
  91. Чанышев, 1991.
  92. Moore, Bruder, 2005, 79—80, 86—91.
  93. Moore, Bruder, 2005, 500—501.
  94. Moore, Bruder, 2005, 500.
  95. Ali, Leaman, 2007, 146.
  96. Sirat, 2003, 39—97, 242—310.
  97. Шохин, 2007, 259—264.
  98. Шохин, 1998.
  99. 99,0 99,1 Ткаченко, 1998.
  100. Горфункель, 1980, 15—41.
  101. Шестаков, 2007, 47—48.
  102. Russell, т.2, 1993, 7—20.
  103. Горфункель, 1980, 100—122, 344—359.
  104. Moore, Bruder, 2005, 99—100.
  105. Yuen-Ting Lai, 1999.
  106. Oxford, 2005, 846.
  107. Popkin (Enlightment), 1999.
  108. Moore, Bruder, 2005, 323—329.
  109. Moore, Bruder, 2005, 109—110, 117—119.
  110. Moore, Bruder, 2005, 103—104, 113—116.
  111. Moore, Bruder, 2005, 104—107.
  112. Russell, т.2, 1993, 80—85.
  113. Bracken, 1999.
  114. Moore, Bruder, 2005, 134—138.
  115. Moore, Bruder, 2005, 139.
  116. Oxford, 2005, 466.
  117. Ameriks, 1999.
  118. Moore, Bruder, 2005, 140—142.
  119. Oxford, 2005, 467.
  120. Russell, т.2, 1993, 218—219.
  121. 121,0 121,1 Moore, Bruder, 2005, 142—143.
  122. 122,0 122,1 122,2 Scott, 1999.
  123. Critchley, 2001, 18—19.
  124. 124,0 124,1 124,2 124,3 124,4 Stroll, 1999.
  125. Фролов И. и др. Введение в философию. Глава 5. Философия Нового времени: наукоцентризм
  126. Moore, Bruder, 2005, 36.
  127. Nenon, 2006.
  128. Moore, Bruder, 2005, 159—160.
  129. Critchley, 2001, 12—16, 19.
  130. Russell, т.2, 1993, 298—299.
  131. Moore, Bruder, 2005, 146.
  132. Oxford, 2005, 279.
  133. Moore, Bruder, 2005, 336—340.
  134. Moore, Bruder, 2005, 341.
  135. Singer, 2001, 89—92.
  136. Oxford, 2005, 560—561.
  137. 137,0 137,1 Введение в философию. Часть IV.
  138. 138,0 138,1 Визгин, Пустарнаков, Соловьёв, 2010.
  139. Oxford, 2005, 659.
  140. Oxford, 2005, 31—32.
  141. Oxford, 2005, 277—280.
  142. Moore, Bruder, 2005, 160—173.
  143. Kritzman, 2006, 110—117.
  144. Moore, Bruder, 2005, 187.
  145. Hugdahl, 1999.
  146. Kritzman, 2006, 92—95.
  147. Kockelmans, 1999.
  148. Latour, 1999, 293—296.
  149. Feyerabend, 2010, 1—5.
  150. 150,0 150,1 Føllesdal, 1999.
  151. Козлова, 2010.
  152. Martinich, 2001.
  153. Critchley, 2001, 4—8.
  154. Алексеев, Панин, 2005, Глава XII.
  155. Moore, Bruder, 2005, 211—214.
  156. Comte, 1957, 1—36.
  157. Moore, Bruder, 2005, 217—219.
  158. Гиренок, 2010.
  159. Василенко, 2004.
  160. 160,0 160,1 Хабибуллина, 2008.
  161. 161,0 161,1 Bostrom, 2005.
  162. Andrews, 2009, 114.
  163. Shlapentokh, 2001.
  164. Fukuyama, 2004.
  165. Sorgner, 2009.
  166. Verdoux, 2009.
  167. Зеньковский, 2001, 23.
  168. 168,0 168,1 168,2 168,3 Марченков, 2006.
  169. Лосский, 1991, 4—8.
  170. Зеньковский, 2001, 17, 34—36.
  171. Маслин, 2001, 52.
  172. Лосский, 1991, 5.
  173. Зеньковский, 2001, 65.
  174. Алексеев, Панин, 2005, Глава X.
  175. Зеньковский, 2001, 35—38.
  176. Oxford, 2005, 828—829.
  177. Зеньковский, 2001, 21—22.
  178. Oxford, 2005, 829.
  179. Moore, Bruder, 2005, 5—7.
  180. С.И. Ожегов. Словарь русского языка. — 9-е издание. — Москва: Советская энциклопедия, 1972. — С. 783. — 846 с. — 120 000 экз.
  181. 181,0 181,1 Moore, Bruder, 2005, 1.
  182. Алексеев, Панин, 2005, Глава I, §1.
  183. Moore, Bruder, 2005, 12—13.
  184. Lutz D. Schmadel. Dictionary of Minor Planet Names. — Springer, 2003. — ISBN 3-540-00238-3.
  • Гуссерль Э. Философия как строгая наука // Гуссерль Э. Философия как строгая наука. — Новочеркасск: Сагуна, 1994. — ISBN 5759301373; ISBN 5759301381.
  • Хабермас Ю. 1. Философия как «местоблюститель» и «интерпретатор» // Хабермас Ю. Моральное сознание и коммуникативное действие. — СПб.: Наука, 2001. — С. 7—33. — ISBN 5-02-026810-0; ISBN 3-518-28022-8.

Аилыркаагатә литература

[аредакциазура | акод аредакциазура]

На русском языке

  • Философия / Спиркин А.Г. // Ульяновск — Франкфорт. — М. : Советская энциклопедия, 1977. — С. 412—417. — (Большая советская энциклопедия : [в 30 т.] / гл. ред. А. М. Прохоров ; 1969—1978, т. 27).
  • Е.Губский, Г.Кораблева, В.Лутченко. Философский энциклопедический словарь. — Москва: Инфра-М, 2005. — 576 с. — 10 000 экз. — ISBN 5-86225-403-X.
  • Александр Грицанов. Новейший философский словарь. — Минск: Скакун, 1999. — 896 с. — 10 000 экз. — ISBN 985-6235-17-0.

На иностранных языках

  • Robert Audi. Philosophy // Donald M. Borchert Encyclopedia of Philosophy. — Thomson & Gale, 2006. — Т. 7. — С. 325—337. — ISBN 0-02-865787-X.
  • The Oxford companion to philosophy / Ted Honderich. — New Edition. — Oxford University Press, 2005. — 1060 с. — ISBN 0–19–926479–1.

Алагалатә литература

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Урысшәала

  • Алексеев П. В., Панин А. В. Философия. — 3-е издание. — Москва: Проспект, 2005. — 604 с. — 5000 экз. — ISBN 5-482-00002-8.
  • Ильенков Э. В., Коровиков В. И. Тезисы к вопросу о взимосвязи философии и знаний о природе и обществе в процессе их исторического развития. // Ильенков Э. В. Собрание сочинений. Т. 1. — М: Канон плюс, 2019. — С. 354—363. — ISBN 978-5-88373-579-9
  • Колесников А. С. Исторические типы философии // Ю.Н. Солонин и др. Основы современной философии. — Санкт-Петербург: Лань, 1999. — С. 20—110. — ISBN 5-8114-0100-0.
  • Мареев С. Н., Мареева Е. В. История философии. Общий курс. — М.: Академический проект, 2003. — 874 с. ISBN 5-8291-0287-0
  • Рассел Б. История западной философии = The History of Western Philosophy. — Москва: Миф, 1993. — Т. I. — 512 с. — 10 000 экз. — ISBN 5-87214-012-6.
  • Рассел Б. История западной философии = The History of Western Philosophy. — Москва: Миф, 1993. — Т. II. — 446 с. — 10 000 экз. — ISBN 5-87214-012-6.
  • Росенко М. Н. Предмет философии. Антропоцентризм как мировоззренческий и методологический принцип современной философии. // Солонин Ю. Н. и др. Основы современной философии. — Санкт-Петербург: Лань, 1999. — С. 3—19. — ISBN 5-8114-0100-0.
  • Сычев А. А. Основы философии. — Москва: Альфа М, 2010. — 368 с. — 1500 экз. — ISBN 978-5-98281-181-3.
  • Фролов И. Т. и др. Введение в философию: Учеб. пособие для вузов. — 3-е изд., перераб. и доп.. — М.: Республика. — 623 с. — ISBN 5-250-01868-8.

Атәым бызшәақәа рыла

Атематикатә литература афилософиатә школқәа рыла

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Заатәи абырзен философиа

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Абырзен классикатә философиа

[аредакциазура | акод аредакциазура]
  • В.Ф. Асмус. Платон. — Москва: Мысль, 1975. — 220 с. — (Мыслители прошлого). — 50 000 экз.
  • А.Ф. Лосев, А.А. Тахо-Годи. Платон. Аристотель.. — 3-е издание. — Москва: Молодая Гвардия, 2005. — 392 с. — (Жизнь замечательных людей). — 5000 экз. — ISBN 5-235-02830-9.
  • А.Ф. Лосев. Жизненный и творческий путь Платона // Платон. Собрание сочинений в четырёх томах. — Москва: Мысль, 1994. — Т. 1. — С. 3—63. — ISBN 5-244-00451-4.

Ажәытә индиатәи афилософиа

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Ажәытәӡатәи китаитәи афилософиа

[аредакциазура | акод аредакциазура]
  • В.Г. Бурова, М.Л. Титаренко. Философия Древнего Китая // Древнекитайская философия : в 2х т.. — Москва: Мысль, 1972. — Т. 1. — С. 5—77.
  • А.И. Кобзев. Китайская философия // В.С. Стёпин Новая философская энциклопедия : в 4 т. — Москва: Мысль, 2010. — Т. 2. — ISBN 978-5-244-01115-9.
  • Livia Kohn. Daoism Handbook. — Boston: Brill Academic Publishers, 2000. — 954 с. — (Handbook of Oriental Studies / Handbuch der Orientalisk). — ISBN 90-04-11208-1.
  • Wing-Tsit Chan. Chinese Philosophy: Overview // Donald M. Borchert Encyclopedia of Philosophy. — Thomson & Gale, 2006. — Т. 2. — С. 149—160. — ISBN 0-02-865782-9.
  • Kwong-loi Shun. Chinese Philosophy: Confucianism // Donald M. Borchert Encyclopedia of Philosophy. — Thomson & Gale, 2006. — Т. 2. — С. 170—180. — ISBN 0-02-865782-9.
  • Bo Mou. Chinese Philosophy: Language and Logic // Donald M. Borchert Encyclopedia of Philosophy. — Thomson & Gale, 2006. — Т. 2. — С. 202—215. — ISBN 0-02-865782-9.

Европа абжьарашәышықәсазтәи афилософиа

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Мрагылара Ааигәа абжьарашәышықәсазтәи афилософиа

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Индиеи Мрагылара Хареи абжьарашәышықәсазтәи рфилософиа

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Аиҭарҿиара афилософиа

[аредакциазура | акод аредакциазура]
  • В. Шестаков. Философия и культура эпохи Возрождения. Рассвет Европы. — Санкт-Петербург: Нестор-История, 2007. — 270 с. — 2000 экз. — ISBN 978-5-59818-7240-2.
  • А.Х. Горфункель. Философия эпохи Возрождения. — Москва: Высшая школа, 1980. — 368 с. — 50 000 экз.

Аамҭа Ҿыц афилософиа

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Аконтиненталтә философиа

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Аналитикатә философиа

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Атрансгуманизми акосмизми рфилософиа

[аредакциазура | акод аредакциазура]